Аԥсны

Аԥсны ААР апсихотроптә маҭәашьарқәа рымазааразы ашьаусқәа ҩба хацнаркит

Аԥсны атәылауаҩ идбалан Аԥсны ззин ыҟам апсихотроптә маҭәашьар "прегабалин".
Sputnik
АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Аԥсны ААР апсихотроптә маҭәашьарқәа рымазааразы ашьаусқәа ҩба хацнаркит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аоперативтә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан Гәылрыԥшь араион Дранда ақыҭан инхо Вадим Адлеиба идбалан Аԥсны аҵакыраҿы зыҭира ҟамло апсихотроптә маҭәашьар "Прегабалин".
Иара убасгьы Дранда аҳаблан Гәылрыԥшь араион ААР аусзуҩцәа Аҟәа инхо Беслан Киласониа идырбалеит иагьимырхит апсихотроптә маҭәашьар "Прегабалин".
Ахацәа рҩыџьагь рганахьала АА АЗ ахәҭаҷ 223 ахәҭа 1 инақәыршәаны (аԥсихотроптә маҭәашьар закәаншьаҭада аахәара, амазаара, амҩангара) ашьаус хацыркуп. Адлеибеи Киласониеи атәыла ишалымҵуазы ашәҟәы рнапы аҵарыҩны иоурышьҭит. Аусҭҵаара иацҵоуп.
Аԥсны
Ҩыџьа урыстәылаа анаркотикқәа рыҭиразы Аԥсны рус ӡбаны иҭаркит