Арадио

Бжьаниа Гәылрыԥшь араион аҿы аҿар аррахь рнаԥхьаразы: ауаа маҷуп зынӡагьы

Гәылрыԥшь араион аҿырԥштәала Аԥсны арранаԥхьара аус шеиҿкаау арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араионтә арратә комиссариат ааԥхьара мҩаԥызго аҩбатәи аҟәша аиҳабы Роман Бжьаниа.
Sputnik
Роман Бжьаниа еиҭеиҳәеит аҿар аррахь рнаԥхьара аус шалаго, уи акомиссиа шьышьақәдыргыло атәы.
"Арратә комиссар хада адҵа анҳаиҭалак, амедицинатә комиссиа аԥаҳҵоит. Уи араион ахада иҭҵааны ианышьақәирӷәӷәалак, арра ицарц зыхәҭоу рышәҟәқәа еиқәҳаршәоит, амедкомиссиаҿы еилкаахоит урҭ рахьынтә арратә маҵзура иахыԥхьаӡалахо. Аха, рыцҳарас иҟалаз, араион аҿы арратә ресурс маҷуп. Зынӡаск 75-ҩык роуп иҳамоу, урҭ рахьынтә иҟоуп аҵара иҭалахьоу, агәабзиара змам, урҭ зегьы анахыҵлак, зынӡагьы рхыԥхьаӡара маҷхоит. Ауаа рмаҷроуп зегь реиҳа уадаҩрас иҳамоу", - ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа.
Аррамаҵзура ахысразы азакәан аҿы ишарбоу ала, Аԥсны атәылауаа шықәсык ҩынтә ааԥхьара рырҭоит - мшаԥы инаркны рашәарамзанӡа, анаҩс жьҭаарамзазы. Сынтәа акәзар, арранаԥхьаразы актәи акампаниа аамҭа иацҵоуп ԥхынгәы 15-нӡа. Атәыла ахада иусԥҟаҿы иарбоуп аковидчмазара инамаданы иреиҳаӡоуи ибжьаратәуи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара ахыркәшара аамҭа иахьнахоу иахҟьаны аррахь рнаԥхьара аамҭагьы ишацҵоу.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.