Аԥсны

Гәдоуҭа араион апрокуратура Роман Џьениа ишьразы ашьаус хацнаркит

Роман Џьениа автоматикатә бџьарла иеихсны дыршьит, нас днаганы дыржит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Гәдоуҭа араион апрокуратура Аҷандара ақыҭа ауаҩԥсы Роман Џьениа ишьразы ашьаус хацнаркит. Ауаҩшьра ҟалеит рашәара 28 рзы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Аусҭҵаара аинформациала, рашәара 28 асааҭ 19:00 - 00:00 рзы идырым ахаҿы 67 шықәса зхыҵуаз Џьениа иҩнахьы днеит, згәыцә 7,62 миллиметра иҟаз ахы зҭаз абџьар ҭирҟьан, ԥшьынтә еиҵамкәа диеихсны дишьит.
Абри ашьҭахь Роман Џьениа иԥсыбаҩ анышә иарҭеит.
Уажәы аусҭҵааратә усбарҭақәа русзуҩцәа ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥ ҭырҵаауеит, Аԥсны ААР анапы ианҵоуп ацәгьа зуз ахаҿы ихаҭара ашьақәыргылареи уи мзызс иамази.