Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Лавров Украина аганахьала аӡбарақәа ЕАА аҳәынҭдепартамент ауп издызкыло иҳәеит

Урыстәылатәи аган изныкымкәа иазгәанаҭахьеит Украина иарҭо ацхыраара хықәкыс иамоу Европа аҭынчра ашьақәыргылара акәымкәа аимак аамҭа арххароуп ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аҳәамҭа ҟаиҵеит украинатәи аҭагылазаашьа иадҳәалоу аӡбарақәа ЕАА аҳәынҭдепартамент аҿоуп иахьырыӡбо, абри атәы аанацҳаит РИА Новости, Каспиа иаԥну атәылақәа рыдәныҟатәи аусқәа рхадацәа реилатәара аихшьалатә пресс-конференциаҿ, Урыстәыла ААР ахада иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Сара салацәажәом Владимир Зеленски дзықәгәыӷуа. Сара сзы зегь акоуп уи дзызхәыцуа, дзықәгәыӷуа. Аӡбарақәа рыдыркылоит Вашингтон. Ахадацәа рыҩаӡарала акәымкәа, аҳәынҭдепартамент ачынуаа рыҩаӡарала", - иҳәеит Лавров.

Уи адагьы иара мраҭашәаратәи аполитикцәа Украинеи Урыстәылеи рыбжьара уажәазы еиҿцәажәара ҟамлароуп ҳәа ирҳәо шизофрениоуп ҳәа ахиҳәааит.
Убри аан Лавров иазгәеиҭеит Британиа аԥыза-министр Борис Џьонсони, германиатәи аканцлер Олаф Шольци, евродипломатиа ахада Жозеп Боррели Украинаҟа абџьар нашьҭлатәуп ҳәа шеицырҳәо. Сергеи Лавров иҳәеит Урыстәыла алкаақәа шыҟанаҵо Урыстәыла аинтересқәа зқьышә иқәызҵо мраҭашәаратәи апартниорцәа рганахьала.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Лавров: Киев Москва ацәажәара мап ацәнакуеит