АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Аинформациатә маҵзура РИА Новости Украинатәи аоперациа ҷыда зну аинтерактивтә хсаала аусура иаланаргеит.
Уа иубар алшоит уажәазы аибашьра ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа, урыстәылатәи ари ДЖәРи ЛЖәРи рырҟәшақәеи рнапахьы иааргахьоу аҵакырақәа, ар рхырхарҭақәа, аиланхарҭақәа, атранспорттә еимадаратә ҭыԥқәа ахьыҟоу. Уи адагьы иуҭаху амш алхны убри аҽны иарбанзаалак аиланхарҭақәа рҿы иҟаз ахҭысқәа реилкаара алшоит.
Владимир Путин 2022 шықәса жәабран 21 рзы Донбасс ареспубликақәа рхьыԥшымра азхеиҵеит. Жәабран 24 рзы Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә операциа ҷыда ишалаго азы.
Урыстәылатәи аполитикцәа ари аоперациа ҷыда аӡбахә ҳәо изныкымкәа иазгәарҭахьан ари аҩыза ашьаҿа ҟарымҵар ада ԥсыхәа шрымамыз, Донбасс жәлар рреспубликақәа Урыстәыла ашҟа ацхыраараз иҟарҵаз аҳәара ишаҭаку.
Арратә операциа ҷыда хықәкыс иамоуп Украина абџьарҟәныхра, аденацификациа. Уи азы Урыстәыла Арбџьармчқәа Украина аҵакыраҿы иҟоу арратә ргыларақәеи аибашьыгатә техникеи ааха рырҭоит.