Аԥсны

Аԥсни Шьамтәылеи ақыҭанхамҩаз Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраз аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәҵара аднакылеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрреи Шьамтәыла ақыҭанхамҩеи аграртә реформақәеи рзы аминистрреи ақыҭанхамҩаз Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраз аилацәажәарақәа мҩаԥыргарц азы.
Ақәҵара апроект рыдигалеит ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа. Иажәақәа рыла, ари аҩыза аӡбра алшеит Аԥсны ахада дзаԥхьагылаз аделегациа Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿ рыҟазаараан. Апроект атексти ажәадгалақәеи аус рыдулоуп.
Аԥсни Шьамтәылеи наҟ-ааҟ аицазхаҵара рыларҳәеит адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит лаҵара 29, 2018 шықәсазы.