Аԥсны

Аԥсны атәылауаҩ идырбалеит аурыс-аԥсуа ҳәаа захыгара игәы иҭаз атапанча

Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраан абџьар змоу абџьар шрымоу ашәҟәы иадырбароуп, ма абџьар рхатәхархәараз ирымазар, аныҟәгара азин шрымоу ашәҟәы рыцзароуп.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Краснодартәи аҳазалхыҩцәа Аԥсны атәылауаҩ идырбалеит аурыс-аԥсуа ҳәаа захыгара игәы иҭаз атапанча Baikal. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәача ақалақь аҿтәи аҟәа апресс-маҵзура.
Автомашьына Lexus RX-300 агәаҭараан аҳазалхырҭатә ҭыԥ аусзуҩцәа амашьына аџьыбаҿ ирбеит атапанчеи 10ТК згәыцә ыҟоу (абжьырацәа зырҿио), алашара абжьы ацны иҟазҵо апатронқәа 25 зҭаз аҭоԥи.
Аҳазалхратә експертиза ишьақәнарӷәӷәеит атапанча 2021 шықәсазы ишҭыжьу, аграждантә бџьар акатегориа ишаҵанакуа, аџьармыкьатә хәыԥса 23 000 мааҭ.
На российско-абхазской границе пресечена попытка незаконного ввоза гражданского оружия
Аҳазалхратә закәанԥҵара аилагаразы аус хацыркуп – административтә зинеилагарақәа рзы УА АЗ ахәҭаҷ 16.3; 16.2 ахәҭа 1 инарықәыршәаны. Ахәҭаҷқәа иазыԥхьагәарҭоит административтә хараԥсеи азинеилагара иалахәу амаҭәар амхреи.
На российско-абхазской границе пресечена попытка незаконного ввоза гражданского оружия