Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа ЛжәРи ДжәРи рҟны 160 нызқь ԥшьыркца еилажьу аҵакырақәа дрыцқьеит

Аусурақәа ирылагазар иҭҵаауп 195 гектар аҵакыра, еиҵыхуп 43 000 иԥжәар зылшо амаҭәарқәа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа ЛжәРи ДжәРи рҟны 160 нызқь метрԥшьыркца еилажьу аҵакырақәа дрыцқьеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны РИА Новости.

"Урыстәыла АҶА Донбасс ареспубликақәа руааԥсыра ацхыраара шрырҭац ирырҭоит. 160 000 метрԥшьыркца ирыҵаркуа ахыбрақәа еилыхны 175 000 кубметр аргыларатә гәамсам ықәыргеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Урыстәыла АҶА арегион ахь иаанагахьеит 20 000 тонна инареиҳаны аӡыржәтәи 90 000 тонна инареиҳаны ахархәагатә ӡи. Урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа ауааԥсыра рыбзазаратә зҵаарақәа рыӡбоит, амедицинатә цхыраареи рырҭоит.
Аҵыхәтәантәи амчыбжь аҩныҵҟала Урыстәыла АҶА амашьынақәа рыла инаргеит 3 000 тонна агуманитартә цхыраагӡа.
Аинфраструктуратә хыбрақәа рҵакырақәа иԥжәо амаҭәарқәа рҟынтәи арыцқьаразы аусурақәа ирыцҵоуп. Уажәазы игәаҭан ирхысуп 195 гектар, еиҵыхуп иԥжәо амаҭәарқәа 43 000.
Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа Донбасс аҵакырақәа аминақәеи рҟынтәи ррыцқьаразы аусурақәа мҩаԥыргон.
Аԥсны
Гәык-ԥсык ала аџьабаа рбеит: Лев Кәыҵниа аԥснытәи аиқәырхаҩцәа Луганск русуразы