Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәык-ԥсык ала аџьабаа рбеит: Лев Кәыҵниа аԥснытәи аиқәырхаҩцәа Луганск русуразы

Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрраҿы имҩаԥысит Лугансктәи Жәлар Рреспубликаҿы аԥснытәи аиқәырхаҩцәа ргуманитартә миссиа иазкыз апресс-конференциа.
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра ахаҭарнакцәа Лугансктәи Жәлар Рреспубликаҿы агуманитартә миссиа аҳасабала иҟан ҩымчыбжьа ирылагӡаны.
Аԥсны АҶА аиҳабы Лев Кәыҵниа еиҭеиҳәеит ЛЖәР иахьнеиз аҭагылазаашьа шыуадаҩыз, избанзар аусурақәа ахьымҩаԥыргоз ишәарҭан, уажәы-уажәы иалахысуан. Аха иагьа ус иҟазаргьы, ҳаиқәырхаҩцәа ирылшоз ала аусурақәа мҩаԥыргеит иҳәеит аминистр.
"Гәык-ԥсык ала ҳаҷкәынцәа аџьабаа рбеит, иахьагьы ирҳәоит ҳазхиоуп ацара, ацхыраара аҟаҵара ҳәа. Насгьы ҳара ҳзыҳәаны ари даара иԥышәоуп, ари аҩыза аҭагылазаашьақәа ҟамлаӡацт, аринахысгьы анцәа иҟаумҵан, аха ианыҟалахгьы, ҳаргьы, ихәыҷы-иду, ҳәынҭқаррак ахьӡала аџьабаа ҳбеит, даргьы ҳаҭыр-пату ақәырҵеит", - иҳәеит Кәыҵниа.
Иара иазгәеиҭеит аԥснытәи аиқәырхаҩцәа аминақәа рыҵхра, ахыбрақәа ахьеилаҳаз ауаа рыҵгара уҳәа аусурақәа мҩаԥыргеит, агуманитартә еидара рзыршеит.
Аԥснынтәи Луганскҟа инаган жәа-тоннак агуманитартә цхыраара ареспублика ауааԥсыреи асоциалтә обиектқәеи ирзеихыршеит. Уи еиҳаракгьы иалан зыда ԥсыхәа ыҟам - азараҟьахәша, аӡыржәтә, арыцлых, атушонка.
Инарҭбаау аинформациа шәоур шәылшоит Sputnik авидеонҵамҭаҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0