Аԥсны

Аҟәа ԥҳәыск лысаби лдырцәак рҿы дкаршәны дыбналеит

Ан лхаҭара дырзом апроцессуалтә гәаҭара мҩаԥысуанаҵы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Аҟәа ақалақь апрокуратура аусҭҵаара иалагеит ан лхәыҷы дааныжьны лыбналара ахҭыс инадҳәаланы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада.

Аҳҭнықалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, ан 2021 шықәса рзы ииз лхәыҷы дылгарц уаҳа дшымхынҳәуаз ашәҟәы лыцҵаны дааныжьны, еилкаам ахырхарҭала дыбналеит. Абри азы аинформациа азинхьчаҩцәа рахь инарышьҭит Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиникаҟынтә рашәара 30 рзы.

Аӡӷаб хәыҷы ахәшәтәырҭахь днаргеит, уажәы уи аҳақьымцәа лхылаԥшуеит. Ахәыҷ лан уаанӡа анра азинқәа лымырххьан егьырҭ зықәра намӡац лхәыҷқәа рганахьала лхымҩаԥгашьа амшала. Убри инадҳәаланы аҟәатәи апрокуратура асоцмаҵзурақәеи аҳҭнықалақь ахылаԥшыҩцәеи абикунцәеи рмаҵзуреи русура дырӷәӷәароуп ҳәа азгәанаҭеит.
Апрокуратура хада аус ахылаԥшра анаҭоит.