Аԥсны

Аслан Бжьаниа Игор Маслов Аԥсныҟа иаара дахцәажәеит

Ахәаша ԥхынгәы 1 азы Урыстәыла ахада иҿы иҟоу Аҳәаанырцә тәылақәа арегионбжьаратәи акультуратәи хырхарҭақәа рҿы рыҽрымадаразы Аусбарҭа аиҳабы Игор Маслов зхадараҿы дыҟоу урыстәылатәи аделегациа Аԥсны Аинвестпрограмма аобиектқәа ргәаҭарақәа мҩаԥыргеит.
Sputnik
Агәаҭарақәа рҳәаа иҭагӡаны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи урыстәылатәи аделегациа аиҳабы Игор Маслови иаҭааны ирбеит Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу Аинвестпрограмма иаҵанакуа аобиектқәа - Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза, Бедиатәи ауахәама, Мықәтәи ауахәама, Лабратәи аҩы зауад, Очамчыратәи амшынтә баӷәаза.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи урыстәылатәи аделегациа анапхгаҩы Игор Маслови агәаҭарақәа реихшьала ҟарҵеит.
Шәахәаԥш Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аныҟәарақәа рымҩаԥысшьазы ииҳәаз ахьану авидеонҵамҭа.