Аԥсны

Гагра ԥхынгәымзазы еиҳа иалыркаауа ахырхарҭақәа жәаба ирылоуп

Урыстәылатәи атурмаҵзура аԥхынра аҩбатәи амзазы аԥсшьараз еиҳа ирҭаху ақалақьқәа рсиа шьақәнаргылеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 1 – Sputnik. Гагра ԥхынгәымзазы еиҳа иалыркаауа ахырхарҭақәа жәаба ирыҵакуп ҳәа аанацҳауеит Tvil.ru.
Ареитинг инақәыршәаны Гагра абыжьбатәи аҭыԥ ааннакылоит. Иара иаԥхьанеиуеит Шәача, Санкт-Петербург, Ҟрым, Казань, Москва, Калининградтәи аобласт, Кавминӡқәа, Карелиа, Ростов-на-Дону.
Ԥхынгәымзазы аԥсшьараз иалыркаауа ақалақьқәа жәаба:

Ақалақь

Уахык аԥсшьара абжьаратә хәыԥса (мааҭла)

Аԥсшьара бжьаратәла шаҟа имҩасуа

Шәача

3495

8 у

Санкт-Петербург

4045

5 у

Иалта

4687

8 у

Казань

3472

4 у

Москва

3544

4 у

Калининград

2918

6 у

Гагра

3292

8 у

Ростов-на-Дону

2743

1 у

Кисловодск

2717

7 у

Сортавала

5980

3 у

Зегь раасҭа ахәқәа дууп Сортавалеи Иалтеи. Бжьаратәла ара уахык аԥсшьара 4000 мааҭ иаԥсоуп, Гагра - 3,5 нызқь рҟынӡа.
Атуристцәа еиҳарак аамҭа рхыргоит Гагра, Шәача, Иалта.