АҞӘА, ԥхынгәы 2 – Sputnik. 2022 рашәарамзазы аҳазалхратә шәарақәа идыртәеит 298 млн мааҭ планла иарбаз 221,5 млн мааҭ рҭыԥан, убас ала ари аамҭазы аплан нагӡоуп 135% рыла, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы.
2021 шықәса рзы абри аамҭа иаҿырԥшны иугозар, уажәы аԥарашәарақәа 44,6 миллион мааҭ рыла еиҳахеит.
2022 шықәса актәи ашықәсбжа иаҿурԥшуазар, Аԥсны абиуџьет ахь аҳазалхратә усбарҭақәа рыла иалагалоуп 1 млрд 351,6 млн мааҭ. Ҵыԥхтәи ашықәс иаҿурԥшуазар, 2021 шықәса актәи азбжазы идырҳаз аасҭа 169,3 млн мааҭ рыла еиҳахеит.