Аԥсны

"Аиха иалху" аԥшӡара: Аҟәатәи авокзал иахьа

Sputnik
Аҟәатәи аихамҩатә вокзал ахыбра ргылан асовет аамҭазы, уи аартын 1951 шықәса ԥхынҷкәынмзазы. Авокзал апроект авторцәас иамоуп архитекторцәа Левани Лолеи Мушкудианиаа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәатәи аихамҩатә вокзал ааха аҭан. Усҟан адәыӷбақәа рныҟәара зынӡа иаанкылахеит, ахыбра ахаҭа аӷацәа абџьар ҵәахырҭа ҭыԥны иҟарҵеит.
Ҩаԥхьа авокзал аусура хацыркын 2004 шықәсазы.