Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны

1993 шықәсазы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Аиааира агараҿы аҵак ду змаз Аԥсуа ар имҩаԥыргаз Ииультәи ажәылара сынтәа 29 шықәса ахыҵит. Уи иалахәыз аибашьра аветеран Марина Барцыцԥҳа ланҵамҭаҿы дазааҭгылоит Ииультәи ажәылара шымҩаԥысуаз, иҟаз аҭагылазаашьа атәы.
Sputnik

Марина Барцыцԥҳа аԥхынтәи ажәылараан аҩбатәи абригада, ланшьцәа злахәыз ахԥатәи абаталион амедиаҳәшьас дыҟан. Лара лажәақәа рыла, раԥхьаӡа иргылан хықәкыс илымаз излалылшоз ахәцәа рыцхыраара акәын. Уи инабжьаршәны, ианҭынчраз, рфотосахьақәа ҭылхуан аибашьцәагьы. Ари аматериал аҟны иааҳгоит 1993 шықәса ииульмза 2-и 10-еи рыбжьара Аҩада Ешыра - Аӡбаара, Уазабаа, Гәымсҭа аԥшаҳәа, Абыӡахә (Цугуровка) - иҭылхыз фотосахьақәак.

Аԥхынтәи, 1993 шықәсазтәи Аԥсны аҳақәиҭтәразы ҳар ажәылара излагаз, аҭоурыхҭҵааҩцәа ҳаибашьра ахԥатәи ахәҭа ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ари ажәылара иагьа аџьабаа, аԥсыҭбара ацзаргьы, ҳиааирамҩа иахыҵхырҭан.

Ииунь аиҩшамҭаз ихыркәшан зеиҿкаара иаҿыз Гәымсҭатәи афронт актәии аҩбатәии ар рыбригадақәа.

Насгьы, иазӷәаҭатәуп, абыржәраанӡа, асеиԥш џьаԥҳаныла, маҭәала, зегь рыла ар еиқәшәаны ажәылара иазыҟаҵан иҟамлацызт.

Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны

Еиқәыршәаз аплан ала афронтқәа рыҩбагьы алахәны иахьынӡауа аӷа ирымчқәа ҭарханы ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ахы иақәиҭтәын.

Ажәылара иалагеит ииульмза 2 1993 ш. Тамшь адесант рыртәара ала. Урҭ Мрагыларатәи афронт аибашьцәеи дареи рҽеибыҭаны Кындыӷи Цагереи рыбжьара Аҟәаҟа иаауаз амҩаду ркыр акәын – аӷа ир, насгьы аџьаԥҳаны изиамго. Ус иагьыҟарҵеит, еибашьрыла ирылшеит бжьымшы амҩа аанкылара, ара Гәымсҭантәи ажәыларақәа ахьынӡацоз.

Раԥхьа Аладатәи Ешыра актәи абригада ииуль 2 уахынла ижәылар акәын. Актәи абригада ахԥатәи абаталион аԥшыхәратә рота рыцхыраарала ирылшеит Гәымсҭа ирны рхахьы аӷа ихьарԥшра. Аԥсыҭбарақәа шыҟазгьы, аӡнырцә ахырӷәӷәарҭақәа аанкылан ирыман 17 сааҭ (азеиԥш напхгара аиҭон Смыр Витали).

Ихадоу ажәылара ҳәа иԥхьаӡан Гәымсҭатәи афронт арымаратәи афланг. Аҟәа ахахьала аӷа ихырӷәӷәарҭатә цәаҳәа ԥжәатәын аҩбатәи абригада ԥшьба-хәба баталион рымчала.

Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны

Уазабаа иԥшыз абаталионқәа ԥшьба ииуль 3 асааҭ 3:57 рзы (Ҭали Џьапуа лыхроника ала) иззыԥшыз аракета иаҵәа анырба инаркны Гәымсҭа аӡиас ахь албаара иалагар акәын.

Шьыжьымҭан асааҭ 9 рзы абаталионқәа ааха рымамкәа аӡы ирхьан.

Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны

Гәымсҭа аӡы ианыр ашьҭахь доусы ишиқәнагаз еишьҭагылан акәымкәа, еилалан Абыӡахә (Цугуровка) ашьхахь ахәнара иалагеит. 

Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны

Ашьха ианхала, Абыӡахә ашьапаҟны иаартыз адәаҟны аӷа аминақәа шьҭаҵаны, ахырӷәӷәарҭақәа ҟаҵаны дыԥшын. Зҿыназхоз зегьы амина иахаԥжәо иалагеит. Зқьи бжаки рҟынӡа иҟаз ар гыларҭа ҭыԥ рымамкәа аҭшәараҿ еилахеит. Абаталионқәа доусу рыдҵақәа рзынамыгӡо, ихәыз, зшьапқәа хжәаны илыбаагатәхаз рацәахеит.

Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны

Абас ар анеилаха, аштаб хадаҟынтәи афронт аԥхьа игыларц арахь идәықәлеит аштаб хада аиҳабы Сергеи Дбари Валера Ҭарбеи. Убасгьы, ииуль мза 5 Абыӡахәи (Цугуровка) Аҳабҩықәи рыбжьара арахь даауеит ар рштаб хада аԥшыхәра знапы ианыз Едуард Ажьиба, уи асааҭ 12 рзы амина иҵаԥжәаны дҭахоит, ивагылаз 2-тәи абригада аштаб аиҳабы Аполлон Шьынқәба ахәра ӷәӷәа иоуеит.

Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны

Иазгәаҭатәуп, Сергеи Дбар ашьыжьгьы Гәымсҭа аӡиас ахь илыбаауаз ар дышрыцылбааз. Ас ианыцәгьараха, ажәытә аԥсуаа аибашьраҿы ишыҟарҵоз еиԥш, арратә штаб хадаҟнытәи ар рхы ҭыргоит ҳәа аԥызара руа ҳара иҳамбаӡацызт ашықәсан уаанӡа ҳазхысхьаз ажәыларақәа рҟны.

Убасгьы ацхыраараз арахь идәықәҵан азыҟаҵара ҷыда змаз аибашьратә гәыԥ.

Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны

Егьа ус иҟазаргьы, Абыӡахәынтәи илыбааз маҷымхеит. Адырҩаҽны хәылбыҽханӡа Уазабааҟа ахынҳәра иаҿын аибашьцәа.

Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны

Иааԥсаны, икараханы иҟаз аибашьцәа Гәдоуҭаҟа ахәцәа ирыцны идәықәлазгьы ҟалеит. Уаанӡа ишҳахьлоз еиԥш, "иамуӡеит, аҩныҟа ҳцап" зҳәазгьы ҟалазар акәхап...

Абрысҟак ззыҟаҵара иаҿыз, агәыӷрақәа зцыз ажәылара хыбгалоит, ихьаҵыз ҟалеит ҳәа аниарҳәа, Владислав Арӡынба уаҩы дизнымкылакәа афронт ацәаҳәахьы ддәықәлеит.

Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны
Амҩан ҳара ахәцәа ныжьны адачақәа ҳәа иахьашьҭоу ҳшааиуаз, иаҳԥылеит амашьынақәа ҩба еишьҭагыланы, аԥхьатәи - иара дҭатәан. Ақырҭқәа ирдыруашәа (?), убас иақәкны ихысуан, ҳаргьы ҳацхыраара машьына лас аанкыланы ҳҭымҵыр ҟамло. Ашьҭахь иҳаҳаит убасҟан иара дахьтәаз иҭыԥ аҿы ахыԥҽыха шақәшәаз.

Убра, ихьаҵуаз дырԥыланы хаала-мчыла иааникылаз, ирԥхашьаны, ма рыгәшәы ҳәаны ирхынҳәыз аибашьцәа маҷӡамызт. Владислав напхгара зиҭоз ар реиҳабыра ажәылара хымԥада иацҵатәуп ҳәа ирыԥхьаӡеит.

Аибашьра аԥхьатәи амш аҽны инаркны аԥышәа ду змаз, иара уа Уазабаа ааигәара арезерв аҟны иҟаз, ихьаҵуаз абаталион рыхәцәа ҭызгоз Афон-Ешыратәи рбаталион аибашьцәа дырԥыланы Владислав иреиҳәеит: "Гәыӷырҭас иҟоу шәара шәоуп!.." - ҳәа. Ус иагьыҟалеит, рыбзоурала еиқәырхан аԥхынтәи ажәылара алахьынҵа. Урҭ ирылшеит афырхаҵара аарԥшны, хацәнымырха еибашьрала Каман аҭарцәра.

Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны

Иацҵан Аҳабҩықәи Абыӡахәи (Цугуровка) ахырхарҭахьтәи ажәыларагьы. Аҩбатәи абригада иатәыз ахԥатәи абаталион, уажәшьҭа рымацара ииуль 7-8 руха Гәымсҭа аӡы ирны ашьха ихалеит. Ажәылара иалагеит ашарԥаз асааҭ хәба рыбжаз. Ииуль 9 ашьыжь иналагаз, хәлаанӡа еибашьран, аҽнынтәарак иааҟәымҵӡакәа илеиуан ақәа, ақәаршыҩ, аҭабиақәа шьамхахьы ма маҟҿаҳәара аӡы илагылаз ҳаибашьцәа ҭыҵшьа рымамызт, убас ахы, аснариад ааиуан. Аӷа имчқәа зегьы дара рахь иандырха, ҳаибашьцәа рыцхырааразы абрахь ихәнеит Алада-Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала аибашьра иааз ргәыԥ.

Абарҭ ахырхарҭа рацәа рҟны, зхы-зыԥсы иамеигӡакәа еибашьуаз рыбзоурала ажәылара хадаҵәҟа ахьыҟаз изеилымкаауа, имчқәа еиҟәшаны, рыуа иахьажәлатәу изымдыруа дыбжьахеит аӷа.

Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны
Ҳара ҳаздыз 3-тәи абаталион абри ажәылараҟны мацара иҳацәҭахеит 17-ҩык аибашьцәа: 12-ҩык аибашьра адәаҟны; 4-ҩык аӡы иаҳцәагеит ҳаныхынҳәуаз, аӡәы ихәрақәа дырхыԥсааит Москва агоспиталь аҟны; аӡы дагеит убасгьы ауаԥс ҷкәынак. Амшцәгьа ашьҭахь Гәымсҭа аӡы шьҭыҵит аршьа амамкәа. Ауха уа аӡнырцә ҳаанхеит, ҳахәцәагьы ҳзырымго (убасҟан дшьабаны дыԥсит Вадим Џьыкырба).
Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны

Иҟалеит изгәаӷьыз ихышхыҵәаны илеиуаз арҩаш аҭалара, аха измырыз - Гәлариа Алхас, Мықәба Радик (инапы ашаха иахьадҿеиҳәалаз еиҳагьы иԥырхагахеит), Ростобаиа-Амҷба (алада ихараны данага, ақырҭқәа дыршьит), иҟан аӡы ишьҭыхны иагаз, аха зҽамызхыз Аиба Захар, Бебиа Лиониа уҳәа…).

Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны

Аҩбатәи абригада ахԥатәи абаталион аҟнытә ихәын 78-ҩык, урҭ рҟнытә 41 - ӷәӷәала. Ус ишыҟазгьы, имаҷым нас рыхәрақәа ӷьаанӡа Аҟәатәи ажәылара аӡбахә шаараҳаз, ихынҳәны зҩызцәа ирывагылаз аибашьцәа хацәа.

Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны

Иааизакны Ииультәи ажәылара Мрагыларатәии Мраҭашәаратәии афронтқәа рхырхарҭақәа рҟны 400-ҩык рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит, ихәыз ҩынтә-хынтә еиҳахон усгьы. Ақырҭқәа аԥсуаа ракәӡам иҳабашьуаз зҳәоз рзы ҳҭоурыхҭҵааҩцәа инаҵшьны иазгәарҭоит – иҭахаз 80% милаҭла ишаԥсыуааз.

Абри аԥхынтәи ажәылара ҳиааира амҩаду алагамҭа акәын. Хашҭра рықәымзааит зыԥсҭазаареи, згәабзиареи ақәызҵаз ҳажәлар рҵеицәа иашақәа!

Ҳиааирамҩа иахыҵхырҭаз: Марина Барцыцԥҳа Ииультәи ажәылара иазкны

Рааԥсара мыӡааит!

Нагӡара рымазааит ҳиааиреи, ҳхақәиҭреи!