Асланӡиа еиҭеиҳәеит иҩыза Адгәыр Гьергьиеи иареи ҩышықәса инарзынаԥшуа Ҭоумышь аҳаблаҟны 15 гектар рҟынӡа ачаи аус адулара ишаҿу. Ақыҭанхамҩа аминистрра аҟны рпроект рыдыркылеит, иахьазы ирзыԥшуп амаругақәа. Иара иажәақәа рыла ачаи атехникала акәӡам, напыла ауп ишхырхуа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.