Аԥсны

Аҟәа гәырӷьоит: аҳҭнықалақь 2506 шықәса ахыҵра шазгәарҭаз

Сынтәа Аԥсны аҳҭнықалақь иахыҵит 2506 шықәса. Ари аныҳәамш аҽны уи ахадара аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзы еиҿыркааит еиуеиԥшым агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа.
Sputnik
Аныҳәа азгәаҭара иалагеит Ефрем Ешба ихьӡ зху апарк аҿы ахәыҷқәа рырлахҿыхратә программала. Ара еиҿыркааит аҳҭнықалақь ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа рконцерт, дара Аҟәа иазку ашәақәа рҳәеит, икәашеит. Иара убраҵәҟьа имҩаԥысит асахьақәа рконкурс - ахәыҷқәа иҭырхуан аҳҭнықалақь аҿы еицырдыруа ахыбрақәа, аԥшаҳәа, ақалақь агәы, аԥсабара уҳәа бзиа ирбо аҭыԥқәа. Даҽа паркк аҿы - Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа – имҩаԥысит афотоцәыргақәҵа "Аҟәа". Уа аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзы ицәырган Аҟәа ажәытә фотосахьақәеи иахьатәи аамҭазы урҭ аҭыԥқәа рфотосахьақәеи, убас ала, ауаа аҳҭнықалақь ажәашықәсақәа ирылагӡаны иахҭысыз аиҭакрақәа рбартә аҭагылазаашьа рыман.
Аныҳәа иацырҵеит ашәаҳәара-инструменталтә ансамбль "Гәында", дара ашәа рҳәеит Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы. Аихамҩа аангыларҭа "Гәыма" аҿы акәзар, акинотеатр аус ауан, агәаҳәара змаз зегьы неины Аҟәа иазку акинофильмқәа ирыхәаԥшыр рылшон. Ахәылбыҽха Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаԥысит аԥсуа естрада артистцәа рконцерт "Сықалақь Аҟәа". Уи ашьҭахь Аҟәатәи абаӷәазаҟынтә аҳауахь ихалаҵан аныҳәатә салиут. Анаҩс иқәгылеит агәыԥ Red Rocks.
1 / 15

Аҟәа иазгәарҭеит аҳҭнықалақь 2506 шықәса ахыҵра.

2 / 15

Аныҳәа иалагеит ахәыҷқәа рзы арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа рыла.

3 / 15

Аҳҭнықалақь ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа ықәгыланы ишәаҳәон, икәашон.

4 / 15

Аҟәа аԥшаҳәаҿы имҩаԥысит ацәыргақәҵа.

5 / 15

Аҭааҩцәа алшара рыман Аҟәа ажәытә фотосахьақәеи иахьатәиқәеи реиҿырԥшра, ААУ астудентцәа рсахьақәа рыхәаԥшра.

6 / 15

Аныҳәа аҳаҭыр азы ашәаҳәара-инструменталтә ансамбль "Гәында" ашәа рҳәеит иаарту ажәҩан аҵаҟа.

7 / 15

Дара рашәаҳәабжь заҳауаз ауаа маҷымкәа ирыдеизалеит.

8 / 15

Ахәаԥшцәа ргәы иахәаны ирзыӡырыҩуан, рнапы уажәы-уажәы ирзеинырҟьон...

9 / 15

...аха ацәа иҭанагалаз уеизгьы аӡә дҟалеит.

10 / 15

Аҟәа аԥшаҳәа уаала иҭәын.

11 / 15

Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаԥысит аныҳәатә концерт "Сықалақь Аҟәа".

12 / 15

Уа аԥсуа естрада аеҵәақәа ықәгыланы аҳҭнықалақь аԥшәмацәеи асасцәеи иреиӷьу рашәақәа рзырҳәеит.

13 / 15

Ауаа зегьы агәалаҟара бзиа рнубаалон.

14 / 15

Артистцәа рықәгылара хәыҷи-дуи иргәаԥхеит.

15 / 15

Ақалақь амшныҳәа ахыркәшамҭаз Аҟәатәи абаӷәазаҟынтә аҳауа иалаҵан агәырӷьаратә салиут.