Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа гәырӷьоит: аҳҭнықалақь 2506 шықәса ахыҵра шазгәарҭаз

Анапаҵаҩра
Сынтәа Аԥсны аҳҭнықалақь иахыҵит 2506 шықәса. Ари аныҳәамш аҽны уи ахадара аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзы еиҿыркааит еиуеиԥшым агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа.
Аныҳәа азгәаҭара иалагеит Ефрем Ешба ихьӡ зху апарк аҿы ахәыҷқәа рырлахҿыхратә программала. Ара еиҿыркааит аҳҭнықалақь ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа рконцерт, дара Аҟәа иазку ашәақәа рҳәеит, икәашеит. Иара убраҵәҟьа имҩаԥысит асахьақәа рконкурс - ахәыҷқәа иҭырхуан аҳҭнықалақь аҿы еицырдыруа ахыбрақәа, аԥшаҳәа, ақалақь агәы, аԥсабара уҳәа бзиа ирбо аҭыԥқәа. Даҽа паркк аҿы - Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа – имҩаԥысит афотоцәыргақәҵа "Аҟәа". Уа аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзы ицәырган Аҟәа ажәытә фотосахьақәеи иахьатәи аамҭазы урҭ аҭыԥқәа рфотосахьақәеи, убас ала, ауаа аҳҭнықалақь ажәашықәсақәа ирылагӡаны иахҭысыз аиҭакрақәа рбартә аҭагылазаашьа рыман.
Аныҳәа иацырҵеит ашәаҳәара-инструменталтә ансамбль "Гәында", дара ашәа рҳәеит Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы. Аихамҩа аангыларҭа "Гәыма" аҿы акәзар, акинотеатр аус ауан, агәаҳәара змаз зегьы неины Аҟәа иазку акинофильмқәа ирыхәаԥшыр рылшон. Ахәылбыҽха Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаԥысит аԥсуа естрада артистцәа рконцерт "Сықалақь Аҟәа". Уи ашьҭахь Аҟәатәи абаӷәазаҟынтә аҳауахь ихалаҵан аныҳәатә салиут. Анаҩс иқәгылеит агәыԥ Red Rocks.
© Sputnik / Марианна Кубрава

Аҟәа иазгәарҭеит аҳҭнықалақь 2506 шықәса ахыҵра.

Аҟәа иазгәарҭеит аҳҭнықалақь 2506 шықәса ахыҵра. - Sputnik Аҧсны
1/15

Аҟәа иазгәарҭеит аҳҭнықалақь 2506 шықәса ахыҵра.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Аныҳәа иалагеит ахәыҷқәа рзы арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа рыла.

Аныҳәа иалагеит ахәыҷқәа рзы арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа рыла. - Sputnik Аҧсны
2/15

Аныҳәа иалагеит ахәыҷқәа рзы арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа рыла.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Аҳҭнықалақь ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа ықәгыланы ишәаҳәон, икәашон.

Аҳҭнықалақь ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа ықәгыланы ишәаҳәон, икәашон. - Sputnik Аҧсны
3/15

Аҳҭнықалақь ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа ықәгыланы ишәаҳәон, икәашон.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Аҟәа аԥшаҳәаҿы имҩаԥысит ацәыргақәҵа.

Аҟәа аԥшаҳәаҿы имҩаԥысит ацәыргақәҵа. - Sputnik Аҧсны
4/15

Аҟәа аԥшаҳәаҿы имҩаԥысит ацәыргақәҵа.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Аҭааҩцәа алшара рыман Аҟәа ажәытә фотосахьақәеи иахьатәиқәеи реиҿырԥшра, ААУ астудентцәа рсахьақәа рыхәаԥшра.

Аҭааҩцәа алшара рыман Аҟәа ажәытә фотосахьақәеи иахьатәиқәеи реиҿырԥшра, ААУ астудентцәа рсахьақәа рыхәаԥшра. - Sputnik Аҧсны
5/15

Аҭааҩцәа алшара рыман Аҟәа ажәытә фотосахьақәеи иахьатәиқәеи реиҿырԥшра, ААУ астудентцәа рсахьақәа рыхәаԥшра.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Аныҳәа аҳаҭыр азы ашәаҳәара-инструменталтә ансамбль "Гәында" ашәа рҳәеит иаарту ажәҩан аҵаҟа.

Аныҳәа аҳаҭыр азы ашәаҳәара-инструменталтә ансамбль "Гәында" ашәа рҳәеит иаарту ажәҩан аҵаҟа. - Sputnik Аҧсны
6/15

Аныҳәа аҳаҭыр азы ашәаҳәара-инструменталтә ансамбль "Гәында" ашәа рҳәеит иаарту ажәҩан аҵаҟа.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Дара рашәаҳәабжь заҳауаз ауаа маҷымкәа ирыдеизалеит.

Дара рашәаҳәабжь заҳауаз ауаа маҷымкәа ирыдеизалеит. - Sputnik Аҧсны
7/15

Дара рашәаҳәабжь заҳауаз ауаа маҷымкәа ирыдеизалеит.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Ахәаԥшцәа ргәы иахәаны ирзыӡырыҩуан, рнапы уажәы-уажәы ирзеинырҟьон...

Ахәаԥшцәа ргәы иахәаны ирзыӡырыҩуан, рнапы уажәы-уажәы ирзеинырҟьон... - Sputnik Аҧсны
8/15

Ахәаԥшцәа ргәы иахәаны ирзыӡырыҩуан, рнапы уажәы-уажәы ирзеинырҟьон...

© Sputnik / Марианна Кубрава

...аха ацәа иҭанагалаз уеизгьы аӡә дҟалеит.

...аха ацәа иҭанагалаз уеизгьы аӡә дҟалеит. - Sputnik Аҧсны
9/15

...аха ацәа иҭанагалаз уеизгьы аӡә дҟалеит.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Аҟәа аԥшаҳәа уаала иҭәын.

Аҟәа аԥшаҳәа уаала иҭәын. - Sputnik Аҧсны
10/15

Аҟәа аԥшаҳәа уаала иҭәын.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаԥысит аныҳәатә концерт "Сықалақь Аҟәа".

Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаԥысит аныҳәатә концерт "Сықалақь Аҟәа". - Sputnik Аҧсны
11/15

Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаԥысит аныҳәатә концерт "Сықалақь Аҟәа".

© Sputnik / Марианна Кубрава

Уа аԥсуа естрада аеҵәақәа ықәгыланы аҳҭнықалақь аԥшәмацәеи асасцәеи иреиӷьу рашәақәа рзырҳәеит.

Уа аԥсуа естрада аеҵәақәа ықәгыланы аҳҭнықалақь аԥшәмацәеи асасцәеи иреиӷьу рашәақәа рзырҳәеит. - Sputnik Аҧсны
12/15

Уа аԥсуа естрада аеҵәақәа ықәгыланы аҳҭнықалақь аԥшәмацәеи асасцәеи иреиӷьу рашәақәа рзырҳәеит.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Ауаа зегьы агәалаҟара бзиа рнубаалон.

Ауаа зегьы агәалаҟара бзиа рнубаалон. - Sputnik Аҧсны
13/15

Ауаа зегьы агәалаҟара бзиа рнубаалон.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Артистцәа рықәгылара хәыҷи-дуи иргәаԥхеит.

Артистцәа рықәгылара хәыҷи-дуи иргәаԥхеит. - Sputnik Аҧсны
14/15

Артистцәа рықәгылара хәыҷи-дуи иргәаԥхеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ақалақь амшныҳәа ахыркәшамҭаз Аҟәатәи абаӷәазаҟынтә аҳауа иалаҵан агәырӷьаратә салиут.

Ақалақь амшныҳәа ахыркәшамҭаз Аҟәатәи абаӷәазаҟынтә аҳауа иалаҵан агәырӷьаратә салиут. - Sputnik Аҧсны
15/15

Ақалақь амшныҳәа ахыркәшамҭаз Аҟәатәи абаӷәазаҟынтә аҳауа иалаҵан агәырӷьаратә салиут.

Ажәабжьқәа зегьы
0