Иахьа аҳҭнықалақь ауааԥсыра иазгәарҭоит Аҟәа ақалақь амш. Абжьааԥны уи ԥхынгәымза раԥхьатәи асабша иақәшәоит, аха сынтәа аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ахыган амҽышахь, Тамшьтәи адесант аныӡхыҵыз амш иахьақәшәаз азы.
"Аҟәа - сара сыԥсҭазаароуп. Ара сиит, схәыҷра, сқәыԥшра зегьы иара иадҳәалоуп. Мызкы еиҳаны ақалақь ааныжьны сымцаӡацт, аибашьра ашықәс алымҵакәа. Аҟәа, аиашазы, сыҩноуп, схоуп, сгәоуп, сдоуп. Сара атәылақәа рацәаны избахьеит, аха сгәы азыбылуеит сықалақь, иагьа ак акзаргьы", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҳашыгԥҳа.
"Сара сиит ақалақь агәҭа, аԥсуа ашәҟәыҩҩцәа раӷьырак ахьынхоз. Убасҟантәи аамҭаз иҟаз аԥхарра иахьа уажәраанӡа схаҿы иаанхеит. Аамҭа цацыԥхьаӡа Аҟәа ахаҿра аҽаԥсахуеит, аха абарҭ акинотеатрқәа ахьыҟаз аҭыԥқәа анызбалак, сгәы хьаауеит, ахәыҷқәа рыԥсшьарҭа ҭыԥқәа рмаҷра хьаазгоит. Ақалақь ахадара ирылшо ҟарҵоит, аха ауааԥсыра рахь схы нарханы исҳәар сҭахуп, аԥсуа еснагь иашҭа, икәша-мыкәша ицқьан, доусы иаԥхьа ирыцқьар, егьи имҟьашьыр, ҳақалақь иаҳагьы ицқьахон", - ҳәа лҳәеит Ҳашыгԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.