Аԥсны ахада Александр Лукашенко Белоруссиа Ахьыԥшымра амш идиныҳәалеит

Ареспублика Беларусь Ахьыԥшымра амш - белоруссиатәи аҳәынҭқарра аныҳәа хадас иԥхьаӡоуп, иара азгәарҭоит ԥхынгәы 3 рзы, Минск анемец мпыҵахалараҟынтә ахы ианақәиҭтәыз ашьҭахь.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Белоруссиа ажәлари ахада Александр Лукашенкои аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра амш рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
"Шәара шәнапаҵаҟа Ареспублика Белоруссиа еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны алҵшәа бзиақәа аиухьеит аиурагьы иаҿуп, жәларбжьаратәи аренаҿы авторитет иаҳа-иаҳа арӷәӷәара иаҿуп", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Иара убас Аслан Бжьаниа агәыӷра ааирԥшит Аԥсни Белоруссиеи реизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырҭбаареи ишацырҵо, Белоруссиа ажәлар аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьеишьеит.
Уаанӡа, рашәара 24 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа диԥылеит Белоруссиа ахада Ихаҭарнак ҷыда Виктор Шеиман, дара евразиатәи аинтеграциа аспектқәеи аҩҳәынҭқаррак аинвестициа-економикатә усхк аҿы русеицура алшарақәеи ирылацәажәеит.
Иара убас Виктор Шеиман Александр Лукашенко иҟынтәи Аслан Бжьаниа агәаларшәагатә ҳамҭақәа ииҭеит.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Белоруссиа ахада ихаҭарнак диԥылеит