Аԥсны

Адгьыл аҵаҿтәи алакә: Афонҿыцтәи аҳаԥы

Афон ҿыцтәи аҳаԥы адунеи аҿы иреиҳақәоу иреиуоуп, Мраҭашәаратәи Кавказ аҿы иреиҳау ҳаԥуп. Аҳаԥы аҭаларҭа рбеит 1961 шықәсазы. Аҭааҩцәа рзы иаартхеит 1975 шықәса ԥхынгәы 4 рзы.
Sputnik
Аҭыԥантәи ауаа ахааназгьы Анаҟәаԥиа ашьапаҿы иҟаз адгьылкылҳарақәа ирҭоу рбар рҭахын. Аҵеиџь ҵаула, аҿҟьарсҭақәа алашьцара иалаӡуан. Акраамҭа аӡәгьы изыгәыӷьуамызт атымитышахь албаара. Раԥхьаӡа акәны уи игәаӷьит Афон ҿыц инхоз 16 шықәса зхыҵуаз Гиви Смыр. Аха аҵеиџь аҵанӡа иахәҭоу еиқәыршәагада дзымнеит.
1961 шықәсазы уахь албаара рылшеит Гиви Смыр дзаԥхьагылаз аспелеологцәа. Алашаркыгақәа рылашара зҭаӡуаз алашьцара иунардыруан адгьыл аҵатәи адунеи шыҭбааҭыцәыз. Абас иаартын Ҵа змам аҵеиџь ҳәа изышьҭаз аҭыԥ амаӡа – аҳаԥы.
1975 шықәса ԥхынгәы 4 рзы аҳаԥы аҩныҵҟахь амҩа иқәлеит раԥхьатәи адәыӷба, атуристцәа аманы.
Афонҿыцтәи аҳаԥы карсттә ҭагәаҩароуп, хышәа-ҵышәала адунеи аҿы еицырдыруа Шкоциантәи аҳаԥы (Иугославиа), Карлсбадтәи аҳаԥы (ЕАА) реиԥш иҟоу аҳаԥқәа иреикануеит. Акыр шә-метра рҽеиҵырхуеит азал дуқәеи урҭ еимаздо агалереиақәеи. Ахаҿ аагара уадаҩуп адгьыл иаҵаҵәаху амаӡақәа, аџьашьахәырақәа. Дҟаларым иџьазымшьаша аратәи аԥшӡарақәа.
Адунеи аныршазтәи адгьылсахьеи асеиԥш иҟәашу ахан раӡныԥсарақәеи рҽеиҭнырыԥсахлоит. Ара иҟоуп зыблагә иаҵәоу аӡиақәа, аӡҭаҽҽақәа, ашьхеибаркырақәа. Ихаҳәлыху ажәҩан аҵаҟа имҩасуеит атуристцәа рымҩа. Иара ианысыз игәалашәараҿ наӡаӡа иаанхоит.
Иахьа Афонҿыцтәи аҳаԥы азалқәа жәба рыла ишьақәгылоуп: "Анаҟәаԥиа", "Нарҭаа", "Аиҩхаа", "Аԥхьарца", "Аԥсны", "Амҳаџьырқәа рзал", "Аспелеологцәа рзал", "Агелектиттә ҽыџь", "Гиви Смыр изал".
1 / 11

Афонҿыцтәи аҳаԥы - Аԥсны атуристцәа здызԥхьало аҭыԥқәа иреиуоуп.

2 / 11

Дара адгьыл аҵахь инанагоит аметро ала.

3 / 11

Аҳаԥы аҭаларҭа рбеит 1961 шықәсазы. Аҭааҩцәа рзы иаартхеит 1975 шықәса ԥхынгәы 4 рзы.

4 / 11

Афонҿыцтәи аҳаԥы азалқәа жәба рыла ишьақәгылоуп.

5 / 11

Зегь реиҳа идуу азал иахьӡуп "Амҳаџьырқәа рзал", уи аура - 260 метра иҟоу, аҳаракыра - 50 метра рҟынӡа, аҭбаара - 75 метра рҟынӡа.

6 / 11

Аҳаԥаҿы аҳауа +14 °С иҟоуп, аӡы – +10-11°С.

7 / 11

Аҭааҩцәа ирбо џьашьо рфотоқәа ҭырхуеит.

8 / 11

Ара иубар улшоит иџьашьахәу асахьақәа.

9 / 11

Адунеи аныршазтәи адгьылсахьеи асеиԥш иҟәашу ахан раӡныԥсарақәеи рҽеиҭнырыԥсахлоит.

10 / 11

Ара иҟоуп зыблагә иаҵәоу аӡиақәа, аӡҭаҽҽақәа, ашьхеибаркырақәа.

11 / 11

Есышықәса Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭаауеит зықьҩыла аԥсшьацәа.