https://sputnik-abkhazia.info/20220704/1040030157.html
Адгьыл аҵаҿтәи алакә: Афонҿыцтәи аҳаԥы
Адгьыл аҵаҿтәи алакә: Афонҿыцтәи аҳаԥы
Sputnik Аҧсны
Афон ҿыцтәи аҳаԥы адунеи аҿы иреиҳақәоу иреиуоуп, Мраҭашәаратәи Кавказ аҿы иреиҳау ҳаԥуп. Аҳаԥы аҭаларҭа рбеит 1961 шықәсазы. Аҭааҩцәа рзы иаартхеит 1975... 04.07.2022, Sputnik Аҧсны
2022-07-04T18:48+0300
2022-07-04T18:48+0300
2022-07-04T18:48+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/04/1040030317_0:135:2601:1598_1920x0_80_0_0_7b8dc26af0582f754844b7a855f520f8.jpg
Аҭыԥантәи ауаа ахааназгьы Анаҟәаԥиа ашьапаҿы иҟаз адгьылкылҳарақәа ирҭоу рбар рҭахын. Аҵеиџь ҵаула, аҿҟьарсҭақәа алашьцара иалаӡуан. Акраамҭа аӡәгьы изыгәыӷьуамызт атымитышахь албаара. Раԥхьаӡа акәны уи игәаӷьит Афон ҿыц инхоз 16 шықәса зхыҵуаз Гиви Смыр. Аха аҵеиџь аҵанӡа иахәҭоу еиқәыршәагада дзымнеит.1961 шықәсазы уахь албаара рылшеит Гиви Смыр дзаԥхьагылаз аспелеологцәа. Алашаркыгақәа рылашара зҭаӡуаз алашьцара иунардыруан адгьыл аҵатәи адунеи шыҭбааҭыцәыз. Абас иаартын Ҵа змам аҵеиџь ҳәа изышьҭаз аҭыԥ амаӡа – аҳаԥы. 1975 шықәса ԥхынгәы 4 рзы аҳаԥы аҩныҵҟахь амҩа иқәлеит раԥхьатәи адәыӷба, атуристцәа аманы. Афонҿыцтәи аҳаԥы карсттә ҭагәаҩароуп, хышәа-ҵышәала адунеи аҿы еицырдыруа Шкоциантәи аҳаԥы (Иугославиа), Карлсбадтәи аҳаԥы (ЕАА) реиԥш иҟоу аҳаԥқәа иреикануеит. Акыр шә-метра рҽеиҵырхуеит азал дуқәеи урҭ еимаздо агалереиақәеи. Ахаҿ аагара уадаҩуп адгьыл иаҵаҵәаху амаӡақәа, аџьашьахәырақәа. Дҟаларым иџьазымшьаша аратәи аԥшӡарақәа. Адунеи аныршазтәи адгьылсахьеи асеиԥш иҟәашу ахан раӡныԥсарақәеи рҽеиҭнырыԥсахлоит. Ара иҟоуп зыблагә иаҵәоу аӡиақәа, аӡҭаҽҽақәа, ашьхеибаркырақәа. Ихаҳәлыху ажәҩан аҵаҟа имҩасуеит атуристцәа рымҩа. Иара ианысыз игәалашәараҿ наӡаӡа иаанхоит.Иахьа Афонҿыцтәи аҳаԥы азалқәа жәба рыла ишьақәгылоуп: "Анаҟәаԥиа", "Нарҭаа", "Аиҩхаа", "Аԥхьарца", "Аԥсны", "Амҳаџьырқәа рзал", "Аспелеологцәа рзал", "Агелектиттә ҽыџь", "Гиви Смыр изал".
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/04/1040030317_144:0:2455:1733_1920x0_80_0_0_e58bc40def33b890d29176914cf8832a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа
Адгьыл аҵаҿтәи алакә: Афонҿыцтәи аҳаԥы
Афон ҿыцтәи аҳаԥы адунеи аҿы иреиҳақәоу иреиуоуп, Мраҭашәаратәи Кавказ аҿы иреиҳау ҳаԥуп. Аҳаԥы аҭаларҭа рбеит 1961 шықәсазы. Аҭааҩцәа рзы иаартхеит 1975 шықәса ԥхынгәы 4 рзы.
Аҭыԥантәи ауаа ахааназгьы Анаҟәаԥиа ашьапаҿы иҟаз адгьылкылҳарақәа ирҭоу рбар рҭахын. Аҵеиџь ҵаула, аҿҟьарсҭақәа алашьцара иалаӡуан. Акраамҭа аӡәгьы изыгәыӷьуамызт атымитышахь албаара. Раԥхьаӡа акәны уи игәаӷьит Афон ҿыц инхоз 16 шықәса зхыҵуаз Гиви Смыр. Аха аҵеиџь аҵанӡа иахәҭоу еиқәыршәагада дзымнеит.
1961 шықәсазы уахь албаара рылшеит Гиви Смыр дзаԥхьагылаз аспелеологцәа. Алашаркыгақәа рылашара зҭаӡуаз алашьцара иунардыруан адгьыл аҵатәи адунеи шыҭбааҭыцәыз. Абас иаартын Ҵа змам аҵеиџь ҳәа изышьҭаз аҭыԥ амаӡа – аҳаԥы.
1975 шықәса ԥхынгәы 4 рзы аҳаԥы аҩныҵҟахь амҩа иқәлеит раԥхьатәи адәыӷба, атуристцәа аманы.
Афонҿыцтәи аҳаԥы карсттә ҭагәаҩароуп, хышәа-ҵышәала адунеи аҿы еицырдыруа Шкоциантәи аҳаԥы (Иугославиа), Карлсбадтәи аҳаԥы (ЕАА) реиԥш иҟоу аҳаԥқәа иреикануеит. Акыр шә-метра рҽеиҵырхуеит азал дуқәеи урҭ еимаздо агалереиақәеи. Ахаҿ аагара уадаҩуп адгьыл иаҵаҵәаху амаӡақәа, аџьашьахәырақәа. Дҟаларым иџьазымшьаша аратәи аԥшӡарақәа.
Адунеи аныршазтәи адгьылсахьеи асеиԥш иҟәашу ахан раӡныԥсарақәеи рҽеиҭнырыԥсахлоит. Ара иҟоуп зыблагә иаҵәоу аӡиақәа, аӡҭаҽҽақәа, ашьхеибаркырақәа. Ихаҳәлыху ажәҩан аҵаҟа имҩасуеит атуристцәа рымҩа. Иара ианысыз игәалашәараҿ наӡаӡа иаанхоит.
Иахьа Афонҿыцтәи аҳаԥы азалқәа жәба рыла ишьақәгылоуп: "Анаҟәаԥиа", "Нарҭаа", "Аиҩхаа", "Аԥхьарца", "Аԥсны", "Амҳаџьырқәа рзал", "Аспелеологцәа рзал", "Агелектиттә ҽыџь", "Гиви Смыр изал".
© Sputnik / Томас ТхайцукАфонҿыцтәи аҳаԥы - Аԥсны атуристцәа здызԥхьало аҭыԥқәа иреиуоуп.
Афонҿыцтәи аҳаԥы - Аԥсны атуристцәа здызԥхьало аҭыԥқәа иреиуоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукДара адгьыл аҵахь инанагоит аметро ала.
Дара адгьыл аҵахь инанагоит аметро ала.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҳаԥы аҭаларҭа рбеит 1961 шықәсазы. Аҭааҩцәа рзы иаартхеит 1975 шықәса ԥхынгәы 4 рзы.
Аҳаԥы аҭаларҭа рбеит 1961 шықәсазы. Аҭааҩцәа рзы иаартхеит 1975 шықәса ԥхынгәы 4 рзы.
© SputnikАфонҿыцтәи аҳаԥы азалқәа жәба рыла ишьақәгылоуп.
Афонҿыцтәи аҳаԥы азалқәа жәба рыла ишьақәгылоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукЗегь реиҳа идуу азал иахьӡуп "Амҳаџьырқәа рзал", уи аура - 260 метра иҟоу, аҳаракыра - 50 метра рҟынӡа, аҭбаара - 75 метра рҟынӡа.
Зегь реиҳа идуу азал иахьӡуп "Амҳаџьырқәа рзал", уи аура - 260 метра иҟоу, аҳаракыра - 50 метра рҟынӡа, аҭбаара - 75 метра рҟынӡа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҳаԥаҿы аҳауа +14 °С иҟоуп, аӡы – +10-11°С.
Аҳаԥаҿы аҳауа +14 °С иҟоуп, аӡы – +10-11°С.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҭааҩцәа ирбо џьашьо рфотоқәа ҭырхуеит.
Аҭааҩцәа ирбо џьашьо рфотоқәа ҭырхуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАра иубар улшоит иџьашьахәу асахьақәа.
Ара иубар улшоит иџьашьахәу асахьақәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАдунеи аныршазтәи адгьылсахьеи асеиԥш иҟәашу ахан раӡныԥсарақәеи рҽеиҭнырыԥсахлоит.
Адунеи аныршазтәи адгьылсахьеи асеиԥш иҟәашу ахан раӡныԥсарақәеи рҽеиҭнырыԥсахлоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАра иҟоуп зыблагә иаҵәоу аӡиақәа, аӡҭаҽҽақәа, ашьхеибаркырақәа.
Ара иҟоуп зыблагә иаҵәоу аӡиақәа, аӡҭаҽҽақәа, ашьхеибаркырақәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукЕсышықәса Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭаауеит зықьҩыла аԥсшьацәа.
Есышықәса Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭаауеит зықьҩыла аԥсшьацәа.