Ԥхынгәы 4, 2006 шықәсазы Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иқәҵарала иаԥҵан Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аусбарҭа. 2014 шықәса рзы Аусбарҭа Аминистрра ахь ииаган.
"Ҳусбарҭа иахыҵит 16 шықәса, сара аус зуеижьҭеи 15 шықәса ҵуеит. Аус зуан зны амашьына аныҟәцараҿы, аиқәырхаратә усқәа срылахәын, анаҩс аҵарахьы ҳдәықәырҵеит. Москва иреиҳаӡоу аҵара ҳалгеит абылраҽацәыхьчара азанааҭ ала фышықәса академиаҟны. Иахьазы Аҟәа аиқәырхаҩцәа реиҳабыс сыҟоуп, бзиа избоит сусура", - иҳәеит Кәыҵниа.
Иара еиҭеиҳәеит акадрқәа рганахьала русбарҭаҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу, русура акәамаҵамақәа, ауаажәлар аиқәырхаҩцәа ишырзыҟоу атәы.
"Ишәылшаз азы иҭабуп, шәус нашәыгӡоит, ишәеиӷьу дыҟам ҳәа ауаа ианырҳәо, угәаҟынӡа инеиуеит, иаҳшәу ашәҵатәы уацәыԥхамшьартә иҟоуп", - иҳәеит Кәыҵниа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.