АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik. Нестор Лакоба имузеи аиҭашьақәыргыларазы иазԥхьагәаҭоуп 8 миллион мааҭ ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭеилахәыра "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба.
"Иахьа ма уаҵәы Нестор Лакоба имузеи аиҭашьақәыргыларазы адокументқәа ҳнапаҿы иҳарҭароуп. Урҭ аҳәынҭқарратә експертиза иахысуеит. Амузеи аиҭашьақәыргылараз иазԥхьагәаҭоуп 8 миллион мааҭк. Аванс шааҳаулак аусурақәа ҳрылагоит. Ашықәс нҵәаанӡа ихҳаркәшароуп", - иҳәеит иара.
Нестор Лакоба имузеи аиҭашьақәыргылара хара имгакәа иалагоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵахьан Акультура аминистр Даур Ақаҩба Аиҳабыра реилатәараҿы.
Нестор Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи аԥҵан 1982 шықәсазы, шықәсык ашьҭахь иаартын, амузеи аус ауит нанҳәа 1992 шықәсанӡа. Аԥсны Аџьыџьтәылатәи еибашьра 1992-1993 шықәсқәа раан амузеи рыблит, аха Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы архив зегь аиқәырхара алшеит.
Абҵарамзазы аԥыза-министр Александр Анқәаб анапынҵа ҟаиҵеит Нестор Лакоба имузеи ахыбра аиҭашьақәыргыларазы ахарџьнҵа еиқәдыршәарц.