АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik. Урыстәыла реиҳа арыцаарыхраз идыру арегион Ростовтәи аобласт аҿы адгьылқәаарыхыҩцәа ача ахьылоу адәқәа рҿы адыргақәа Z, V адырбеит урыстәылатәи аруаа рыдгылара аазырԥшуа акциак аҳасабала. Абри атәы аҩуеит РИА Новости арегион аиҳабыра рдыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Иазгәаҭоуп арыцеизгаратә сезон ишалагаз аобласт аладатәии мрагыларатәии ахәҭақәа рҿы.
"Донтәи ачаарыхыҩцәа русура хацдыркит. Акомбаинқәа русура алагамҭаз ача ахьылоу адәқәа рҿы адыргақәа Z, V адырбеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Убри аан иазԥхьагәаҭоуп арегион аҿы 3,35 миллион гектар аус адулара. Аҳауатә ҭагылазаашьа иабзоураны аусурақәа маншәаланы имҩаԥгахоит.