Арадио

Цәышба Ииультәи ажәыларазы: ҳаҷкәынцәа Аҟәа ҳбоит ҳәа ргәы шьҭнахит

Аԥсны Афырхаҵа Адик Цәышба арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәеит Ииультәи ажәылара атәы.
Sputnik
1993 шықәсазы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Аиааира агараҿы аҵак ду змаз Аԥсуа ар имҩаԥыргаз Ииультәи ажәылара сынтәа 29 шықәса ахыҵит.
Цәышба Ииультәи ажәылара аиҿкаара аус шцоз атәы еиҭеиҳәеит. Иҳәеит уаанӡа иҟаз ажәыларақәа иреиԥшымкәа ишыҟаз. Аҟәа унадыххыланы ишузымго атәы еилкааны иҳаман, ақырҭцәа рҽырӷәӷәаны иҟан ҳәа игәалаиршәеит Цәышба.
"Ииультәи ажәылара Аԥсны имҩаԥысуаз ажәыларақәа рахьынтә аҵак аман, иҭахазгьы иаҳа ирацәоуп, ахәрагьы зауз рацәоуп. Хымчыбжь инеиԥынкыланы аибашьра цон. Каман анырга ашьҭахь Гәыма ҳҭалеит. Уи ашьҭахь аҷкәынцәа рхаҭагьы ирҳәон, зныктәи ажәылароуп - Аҟәа ҳгоит ҳәа, иааигәаӡахеит аиааира. Аҳбуик анырга, нас Цугуровка ианнеи, Аҟәа ҳбоит ҳәа аҷкәынцәа ргәы шьҭнахит. Аиааира шааигәахоз доусы агәра ргеит. Ииультәи ажәылара ашьҭахь аурыс наԥшцәа ирҳәеит аиааира 70% ҳшазааигәахаз атәы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Цәышба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.