Аԥсны

Заур Адлеиба иԥсҭазаара далҵит 70 шықәса дшырҭагылаз

Аԥсыжра ҟалоит ахаша ԥхынгәы 6 рзы Очамчыра араион Мықә ақыҭан.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik. Апарламент уаанӡатәи адепутат, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Агәаҭаратә палата аудитор Заур Адлеиба иԥсҭазаара далҵит 70 шықәса дшырҭагылаз.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Адлеиба мықәтәи абаталион "Каскад" акомандирс, Мрагыларатәи афронт атехникеи аџьаԥҳани рзы адҵаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩс дыҟан. Иааирԥшыз агәымшәаразы ианашьан Аԥсны иреиҳаӡоу аҳамҭа - Леон иорден. Ажәлар рҿы деицырдыруан ахьыӡшьара "Черный капитан" ала.
Аибашьра ашьҭахь Адлеиба активла далахәын атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара. Жәлар Реизара IV ааԥхьара адепутатс дыҟан (2007–2012 шш.), напхгара аиҭон абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы апарламенттә еилакы.
"Заур Қыбеи-иԥа Адлеиба апарламенттә усура активла далахәын, аҭакԥхықәра ду злаз, харахәыцра зылшоз уаҩын, иара Кавказ ажәларқәеи ҳареи ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы илшаз рацәоуп", – ҳәа ануп Апарламент иҟанаҵаз адышшылараҿы.
Заур Адлеиба дҭаацәаран, фҩык ахәыҷқәа иааӡеит.