Аԥсны

Аахыҵ Уаԥстәылантәи ахатәгәаԥхаҩцәа рыхьӡала амемориалтә ӷәқәа кыдҵоуп Аԥсны

Роберт Петров-Кокоиты, Ацамаз Маргиев, Џьамал Сиукаев Аахыҵ Уаԥстәылантәи Аԥсныҟа еибашьра иааз ахатәгәаԥхаҩцәа ргәыԥ иалан, напхгара риҭон Валери Хубулов.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз Аахыҵ Уаԥстәылантәи ахатәгәаԥхаҩцәа Роберт Петров-Кокоиты, Ацамаз Маргиеви, Џьамал Сиукаеви рыхьӡала амемориалтә ӷәқәа кыдҵоуп Гәымсҭатәи ацҳаҿы.
Нхыҵ Уаԥстәылантәи иааны еибашьуаз аибашьра аветеранцәа рхеилак ахантәаҩы Игорь Кокоев иажәақәа рыла, ауаԥс еибашьцәа Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахеит. Роберти Џьамали ианҭаха ашьҭахь Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵан, Ацамаз Маргиев Леон иорден ианашьан.
"Агәалашәароуп иаҳзыынхаз. Аиҩызара ахьыынӡаҟоу иҭахаз ргәалашәара ҳацзаауеит", -иҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымадаразы аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьал.
Аӡәы шәҩык данраҩсуа: хатәгәаԥхарала еибашьуаз ргәаладыршәеит Гагра
Аахыҵ Уаԥстәылантәи Аԥсныҟа еибашьра иааз ахатәгәаԥхаҩцәа раԥхьатәи агәыԥ иалан 57-ҩык, напхгара риҭон Валери Хубулов.
Нанҳәа 1992 шықәсазы ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа еибашьрала аԥсуа жәлар ианрықәла аҩбатәи амш аҽны Нхыҵ-Кавказынтә цхыраара иааит аҟабарда аофицар Сулҭан Сосналиев напхгара ззиуаз аешьаратә жәлар рхаҭарнакцәа раԥхьатәи ргәыԥ.