Аԥсны

"Аԥхьаӡара акәаԥ": Чукотка иазку афотоцәыргақәҵа аадыртуеит Аԥсны

Афотоҭыхыҩ Ида Таубе лусумҭақәа ықәлыргылахьеит Ротшильдаа рыҩнаҿы, ҳаамҭазтәи аҟазара Амузеи "Гараж", Швеицариа, Давос Аконгресс-центр, Мрагылара ажәларқәа рҟазара Аҳәынҭқарратә музеи рҿы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Афотоҭыхыҩ Ида Таубе лусумҭақәа рцәыргақәҵа "Чукотка. Аԥхьаӡара акәаԥ" (Чукотка. Точка отсчета-аред.)аадыртуеит иахьа, асааҭ 13:00 рзы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы. Ацәыргақәҵа аус аулоит ԥхынгәы 10 рҟынӡа.
20 шықәса инеиҳаны Ида Таубе Чукотка Аџьар ҟаԥшь амиссиа напхгара алҭоит. Лара лажәақәа рыла, арҭ ашықәсқәа рзы лара илылшеит ари адгьыли, уи иқәынхо аҭыԥантәи ажәларқәеи рыԥшӡара аҭҵаара.
1 / 5

Чукотка иазку афотоцәыргақәҵа аадыртуеит Аԥсны

2 / 5

Чукотка иазку афотоцәыргақәҵа аадыртуеит Аԥсны

3 / 5

Чукотка иазку афотоцәыргақәҵа аадыртуеит Аԥсны

4 / 5

Чукотка иазку афотоцәыргақәҵа аадыртуеит Аԥсны

5 / 5

Чукотка иазку афотоцәыргақәҵа аадыртуеит Аԥсны

"Сара срыцынхон урҭ ауаа, рыԥсҭазаара амгеимцарақәа зегьы аныԥшуеит сфотоҭыхгала иҟасҵоз афотоқәа. Сгәыӷуеит ацәыргақәҵа иаҭаауа Чукотка ажәларқәа ркультуреи рыԥсҭазаареи рнырып ҳәа", - лҳәеит лара.
Ацәыргақәҵахь иаагоуп 2005 шықәса раахыс иҭыхыз 50 усумҭа, урҭ ирныԥшуеит иссиру аԥшшәқәа, аӡиақәа, атундра, иубоит ажәлар рҵас-рқьабз.
Афотоҭыхыҩ Ида Таубе
Ацәыргақәҵатә зал хада адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит, Ида Таубе – раԥхьа иргыланы дышуаажәларратә усзуҩу, аетнографиа шҭылҵаауа.
"Аҽа ҭыԥк, аҽа тәылак аҭҵаара еснагь аинтерес аҵоуп. Адунеи еиуеиԥшым амузеиқәа рҿы ирбахьоу Ида лцәыргақәҵа ҳаигәырӷьоит ҳара", - азгәалҭеит лара.
Ацәыргақәҵа "Чукотка. Аԥхьаӡара акәаԥ" (Чукотка. Точка отсчета-аред.) еиҿкаауп Урыстәыла акультура аминистрра, Аԥсны акультура аминистрра, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ацхыраарала.
Аԥсны
Урыстәылатәи афотоҭыхыҩ Ида Таубе лусумҭақәа рцәыргақәҵа аатуеит Аҟәа