Аԥсны

Анқәаб анапынҵа ҟаиҵеит аурыс-аԥсуа ҳәааҟынтә апассаџьырцәа рымҩангара ҭышәныртәалазарц

Аиҳабыра рҿы иалацәажәеит Урыстәыла аҳәааҟынтә апассаџьыртә транспорт аныҟәара аиҿкаара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаб анапынҵа ҟаиҵеит аурыс-аԥсуа ҳәааҟынтә апассаџьырцәа рымҩангара ҭышәныртәалазарц ҳәа аҳәоит аусбарҭа асаит.
Аҳәаа иаԥну автоаангыларҭа "Ԥсоу" аусура аиҿкаараз аԥыза-министр иахь аҳәара ҟарҵеит апассаџьырцәа рымҩангаҩцәа рхаҭарнакцәа. Дара ирҳәеит аус зуа аангыларҭа инаваргыланы зинда аныҟәцаҩцәа аҽа аангыларҭак шеиҿыркааз.
Дара ражәақәа рыла, уа апассаџьырцәа атранспорт рақәтәара апроцесс хылаԥшра амам, автобусқәа рныҟәара аграфик аус ауам, азин ҟазҵо адокументқәа рымам. Апроблема аруадаҩуеит астанциа аобиектқәак ахатәхаҿқәа қьырала иахьрырҭо. Урҭ шамахамзар ауаа рымҩангара асистема аҭышәныртәалара хьаасгьы ирымам.
Анқәаб ихаҭыԥуаҩ Кристина Озган лнапы ианиҵеит аҭыԥ аҿы аилацәажәара мҩаԥылгарц аҭагылазаашьа аилыргаразы, апроблема аԥыхразы иахәҭоу аӡбрақәа рыдкылазарц.