Аԥсны

Аслан Бжьаниа Николас Мадуро Венесуела Ахьыԥшымра амш идиныҳәалеит

Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарразы аҵак ҷыда шамоу аиҩызара дуи аилибакаареи шьаҭас измоу ҳтәылеи Венесуелеи реизыҟазаашьақәа рыҿиара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахьыԥшымра амш инамаданы Николас Мадуро ишҟа адныҳәалартә шәҟәы ишьҭит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Агәра згоит ҳалшарақәа реидҵарала аҳәынҭқаррабжьаратә еиҿцәажәара аҧхьаҟатәи аҿиареи арӷәӷәареи, ҳажәларқәа реизҳазыӷьара иазку ҳусеицуреи ишрыцҵахо", - аҳәоит адныҳәалара атекст аҿы.

Аԥсны ахада Николас Мадуро изеиӷьеишьеит инапы злаку аусқәа рыҟны аихьӡарақәа, Боливариантәи Ареспублика Венесуела ажәлар – аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела Аԥсны Ахьыԥшымра азханаҵеит 2009 шықәса цәыббра 10 азы. Аусԥҟа инапы аҵеиҩит атәыла ахада Уго Чавес.
Аԥсны ахада Сергеи Багаԥшь Венесуелаҟа ицара раԥхьатәи усутә ныҟәарахеит ари аокеан нырцәтәи атәылахь.