Аԥсны

Аԥсны ахәҭак фымцалашарада иаанхоит ԥхынгәы 6 рзы

Уи аԥхьа аҳҭнықьалақь "Аӡыршьҭра" аҟны ирҳәахьан Аҟәа аӡыржәтә аанкылара афымцалашара арцәара ишадҳәало.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Аԥсны ахәҭак фымцалашарада иаанхоит ԥхынгәы 6 рзы, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Асааҭ 10:00 инаркны 16:00 нӡа ирцәазаауеит афымцеихшарҭа "Аҟәа-2". Асааҭ 10:00 инаркны 12:00 нӡа ирцәазаауеит афымцеихшарҭа "Гәдоуҭа-110".
Афымца дырцәоит арҽеиратә усурақәа ахьымҩаԥырго иахҟьаны. "Амшынеиқәафымцамч" аамҭалатәи ауадаҩрақәа рзы аҭамзаара шьҭанаҵоит.
Аԥсны
Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ахаша ԥхынгәы 6 рзы