Аԥсны

Аԥсы аԥшәмахара: иӡааҟәрыло ауаҩы ацхыраара шиҭатәу

Амшын ӷәӷәаны ианеисуа аҭалара шыҟамло, ауаҩы дӡааҟәрылозар, ишицхраатәу, шәарҭарақәас иҟоу уҳәа ртәы Sputnik аҿы далацәажәеит аӡсаразы азыҟаҵаҩ Елена Вардимиади.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik. Амшын ӷәӷәаны еисуазар аҭалара шәарҭоуп лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аӡсараз азыҟаҵаҩ Елена Вардимиади.
"Саргьы убас ашәарҭара сақәшәеит, гәаныла зегьы абзиараз ҳәа расҳәеит. Уажә исҳәо аӡсашьа ззымдыруа ауаҩы уи атәы издырам. Аӡы уагошәа убозар, уԥсыԥ рацәаны иганы, ацәқәырԥа уаҵалароуп, аӡаҵаҟа ацәқәырԥа уиаҟара амч амаӡам. Убас иҟауҵо мацара аӡы уҽацәугар улшоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Вардимиади.
Аҟазауаҩ иазгәалҭеит аӡаҿы ахәыҷқәа ахылаԥшра ҷыда шрыҭатәу.
"Адунеи аҿы аԥсыҭбараз актәи аҭыԥ ааныркылоит амҩатә машәырқәа, аҩбатәи аҭыԥ - иӡааҟәрылаз ахәыҷқәа. Акинофильмқәа рҿы ишудырбало аиԥш ахәыҷы дзыҳәҳәаӡом, уи азы амч имаӡам. Иара ихы аӡы иалигарц иҽазишәоит ауп. Убас имчқәа илӡааны маҷ-маҷ аӡы дахәланагалоит", - лҳәеит Вардимиади.
Лара лажәақәа рыла, ахәыҷы иеиқәырхаразы амаана ҷыдақәа ухы иаурхәароуп.
"Ахәыҷы дзықәтәоу агәабанҭарчқәа ма агьежь ҭарчқәа ааҳәыр ҟалоит. Ахәыҷы ҩынтәҟа дахьӡаны инапы иҟьаргьы адуцәа дрымбар алшоит. Аха дышӡааҟәрыло убазар – ишьҭахь ала уӡсаны унеины ихцәы ма ихы укыр ауеит. Абри аҩыза аҭагылазаашьаан иӡааҟәрыло ддузар, усеиԥш иеиқәырхара залшом", - лҳәоит азыҟаҵаҩ.
Аду дӡааҟәрылозар зынӡаскгьы иааигәара анеира ҟалом, избанзар уаргьы уӡааирҟәрылар илшоит лҳәоит Елена Вардимиади.
"Ауаҩы дшыӡааҟәрыло убозар, џьара иикыша маҭәахәык ыршәны иуҭароуп – илабазар, иӷәызар, импахьшьызар ауеит. Усеиԥш акгьы умԥыхьамшәар, иушәу уцәамаҭәа ааушәыхны, еидҿаҳәаланы иршәны иуҭароуп. Аҟәара дазааигәазар, азхык изыршәны егьи ахала уихалар ауп", - лҳәеит лара.
Аҷкәын қәыԥш Гәдоуҭа амшын аҿы аӡы иагоз аԥсшьаҩцәа еиқәирхеит
Иҟалоит аӡы иҭоу ишьапы андысуа. Усҟан аӡсаразы унапқәа уцурхыраароуп.
"Узшьапык ма уҩшьапык дысзар, ушьацәкьарақәа уара ушҟа иурххар, уоунашьҭуеит", - лҳәоит Вардимиади.
Лара иазгәалҭеит ақалақь анҭыҵтәи аԥсабараҿ аҽыкәабараан ахәыҷқәа ҷыдала ишырхылаԥшлатәу. Аӡӷабцәа рыхцәы ҿаҳәазароуп аӡаҿы, зыхцәы аушьҭу аҵлақәа ма аҵиаақәа рдацқәа ирҿаԥар алшоит лҳәоит аҟаза.
Арадио
Сабуа еиҭеиҳәеит аиқәырхаҩцәа разыҟаҵара шцо