Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Қәҭелиаԥҳа Ԥшьаԥтәи ашкол аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ртәы

Гәылрыԥшь араион Ԥшьаԥ ақыҭан иҟоу абжьаратә школ аиҳабы Раиса Қәҭелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит иарбан усурақәоу ашкол аҟны имҩаԥгаз, урҭ хымԥадатәины изыҟаз, шаҟа аамҭа иазыԥшыз.
Sputnik
2021 шықәса нанҳәамзазы амшцәгьақәа ирыхҟьаны Ԥшьаԥтәи абжьаратә школ ахыб уашәшәырахеит, ақәа кылсуа иалагеит, лҳәеит Қәҭелиаԥҳа. Сынтәа лаҵарамзазы араион ахадара рыцхыраарала ашкол ахыб аԥсахра хацыркын, иахьазы аусурақәа хыркәшоуп. Ашкол ахыб иақәхарџьын 2 миллионки 400 нызқь мааҭ.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.