Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Шоигу Путин изеиҭеиҳәеит ЛЖәР ахақәиҭтәразы аоперациа шымҩаԥысыз

Урыстәыла арратә мчрақәеи ЛЖәР Рмилаҭтә милициеи Лисичански уи ааигәара иҟаз аиланхарҭақәеи рхы иақәиҭыртәит. Ахы иақәиҭтәуп 182 километр ԥшьыркца аҵакыра.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. ЛЖәР ахақәиҭтәразы аоперациа қәҿиарала ихыркәшоуп ҳәа иҳәеит Урыстәыла атәылахьчара аминистр, ар реинрал Сергеи Шоигу, Урыстәыла ахада Владимир Путин иҿаԥхьа аҳасабырба ҟаҵо.
"Ҩымчыбжь рыҩнуҵҟала ирыкәшаны иқәыцҟьаауп Лисичански Северодонецки амацәаз иҭакыз агәыԥқәа. Хылаԥшра рымоуп 25 еиланхарҭа: Севердонецк, Золотое, Горское, Волчеиаровка назлоу. Аоперациа хыркәшан ԥхынгәы 3 рзы ЛЖәР ақалақь дуқәа ируаку Лисичанск ахақәиҭтәрала", - иҳәеит аминистр.
Шоигу иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи ҩымчыбжь рыҩныҵҟа украинатәи аган ишацәыӡыз 5469-ҩык, 196 украинатәи атанкқәеи акәылӡмашьынақәеи, 12 ҳаирплани вертолиотки иҳәеит аминистр.
Владимир Путин иҳәеит ЛЖәР ахақәиҭтәра иалахәыз архәҭақәа рыԥсы ршьар, рымчқәа еизыргар шакәу. Иара ажәалагала ҟаиҵеит аоперациа ҷыдаҿ зхы алызкааз аҳамҭақәа шраҭәашьатәу азы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Сергеи Шоигу Владимир Путин иеиҳәеит Лугансктәи Жәлар Рреспублика ахы ишақәиҭтәу