Аԥсны

Аҿара аамҭа: аԥснытәи аушьҭымҭацәа рыхәылԥазқәа

Sputnik Аԥсны афотоҭыхымҭақәа рҟны сынтәатәи аушьҭымҭацәа – убла хнакыртә зыҽзырԥшӡаз аҭыԥҳацәеи гьама ҳаракыла еилаҳәоу арԥарцәеи.
Sputnik
Сынтәа Аԥсны абжьаратә школқәа ирылгеит 1846-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык аҵара бзиаӡазы амедалқәа ирыԥсахеит.
Аушьҭымҭацәа аԥышәарақәа анарҭалак ашьҭахь аҵараиурҭақәа ирҭалаанӡа ахәылԥазқәа мҩаԥыргоит. Ахәыҷқәеи аҭаацәеи ари аныҳәа рҽазыҟарҵоит, рышәҵатәы заа иаҿарҵоит. Уи аҽны аҽырԥшӡарҭақәа зегьы ҭәуп, аҭыԥҳацәа лымкаала иацклаԥшуеит рыхцәыҟаҵашьеи рхарҿыхиареи, ақьафурҭақәа рҿы агәырӷьареишәақәа рыздырхиоит, уа икәашоит, ишәаҳәоит, ашьыжьтәи амра раԥхьатәи ашәахәақәа амшын аҟәараҿы иаԥылоит.
Аушьҭымҭацәа ашкол изалгаз зыршаҳаҭуа рызшьақәа рнапаҿы иддыркуеит, уи ашьҭахь Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы рфотоқәа ҭырхуеит.
Sputnik афотолентаҿы сынтәатәи аушьҭымҭацәа аӡәырҩы.
1 / 22

Сынтәа Аԥсны абжьаратә школқәа ирылгеит 1846-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык амедалқәа ирыԥсахеит.

2 / 22

Аҵкы шкәакәа сынтәагьы азҿлымҳара ду амоуп. Уи аԥшшәыла иӡахыз рацәан.

3 / 22

Ахәыҷқәеи аҭаацәеи ари аныҳәа рҽазыҟарҵоит, рышәҵатәы заа иаҿарҵоит.

4 / 22

Имыцхәымкәа, гьамала еилаҳәан аҭыԥҳацәа аӡәырҩы.

5 / 22

Арԥарцәа еиқәтәеиқәгыла.

6 / 22

Шьоукы-шьоук аҭыԥҳацәа аԥарԥалыкьқәа иреиԥшын.

7 / 22

Ахәылԥазқәа рыҽны аҽырԥшӡарҭақәа зегьы ҭәуп.

8 / 22

Уи аҽны аушьҭымҭацәа ашкол изалгаз зыршаҳаҭуа раттестатқәа рнапаҿы иддыркуеит

9 / 22

Ҩыџьа аиаҳәшьцәа ашкол еицалгеит, рышәҵатәгьы еиԥшын, уи уамакала агәыхыҭхыҭра аҵоуп.

10 / 22

Аҭыԥҳацәа аӡә лаҵкыс аӡә деиӷьын.

11 / 22

Уназхәаԥшлакгьы, зегь ҭеиҭыԥшла еинаалан.

12 / 22

Арԥарцәагьы рышәҵатәы иацклаԥшуеит аӡӷабцәа ирыҵамхакәан.

13 / 22

Афотоҭыхыҩцәа уи аҽны рус рацәан, иахьынаԥшааԥшлак аԥшӡарамзар.

14 / 22

Аҭыԥҳацәа Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа рызхара рфотосахьақәа ҭырхит.

15 / 22

Дарбанзаалак аушьҭымҭа ҽаӡәы диеиԥшымызт.

16 / 22

Арԥарцәа иршәыз акостиумқәа ак аҵкьыс ак еиӷьын.

17 / 22

Иреиӷьӡоу афото азы иаҭаху акоуп - ухы-уҿы еихаччо уҟазар.

18 / 22

Аушьҭымҭацәа ашьыжьтәи амра раԥхьатәи ашәахәақәа амшын аҟәараҿы иаԥылоит.

19 / 22

Аԥсҭазаара ду ахь ашьаҿа ҟарҵоит, уи аилкаара змоу ргәалаҟазаара ианыԥшуеит.

20 / 22

Амилаҭтә елементқәа змаз аҵкқәа зшәызгьы ыҟан.

21 / 22

Ари аҭыԥҳа лышәҵатәы ажәҩангәыԥшшәи ашкәакәеи еинрааланы иазлырхиеит.

22 / 22

Аушьҭымҭацәа аҳҭынақалақь аԥшаҳәаҿы амаҭәа лыԥшаахқәа рышәҵаны инеиааиуан.