Аԥсны

Ԥшьҩык амилициа аусзуҩцәа рҭакԥхықәрадараз ашьаус хацыркуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik. Аҟәа араион апрокуратура аҭакԥхықәрадараз ашьаус хацнаркит (АА АЗ ахәҭаҷ 295 ахәҭа 1) ԥшьҩык амилициа аусзуҩцәа рганахьала ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада.
Аусбарҭа адыррала, рашәара 4 асааҭ 7 рзы ААИ агыларҭа "Учхоз" аҿы гәыԥҩык ауаа Урыстәыла атәылауаҩ Сонин С.А. даанкыланы амашьына дҭажьны дыргеит. Аҭыԥ ахь инеиз Аԥсны ААР аусзуҩцәа Алиас Гәниа, Альберт Хутов, Роман Ҟалӷьы, Денис Чаабал ацәгьоуцәа рмашьына иашьҭамлеит, рхымҩаԥгашьагьы зхьаԥшра арымҭеит.
Амилициа аусзуҩцәа рнапынҵа ахьынармыгӡази рмаҵзура ҭакԥхықәрада иахьазнеизи ирыхҟьаны Урыстәыла атәылауаҩ изинқәа еилаган, аԥсуа уаажәларреи аԥсуа ҳәынҭқарреи Аԥсны ААРи рыхьӡ ааха аҭан.