АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Адунеи аҿы зегь раасҭа зыхә ҳараку абӷа-жьышә лыԥсаара зыхәышәтәуа ахәшә "Золгенсма" уажәшьҭа Урыстәылагь иҟоуп, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аԥеиԥш змоу атехнологиақәа Рцентр адырра шьаҭас иҟаҵаны.
Агенетикатә чымазара- абӷа-жьышә лыԥсаара зыхәтәуа ахәшәқәа хԥа ируакуп. иахылаԥшуа анервтә система ԥхасҭанатәуеит. СМА ззышьақәырӷәӷәоу ахәыҷы ихәшәтәразы гәырк азхоит.
"Золгенсма" ахәаахәҭратә еикәыршарахь ицәырыргахьеит асистема "Честный знак" ала. Москватәи аклиникақәа хԥа рҟны рхы иадырхәахьеит.
Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ахәшә ашәҟәы иҭанагалеит 2021 шықәса анҵәамҭаз. Иара ҭнажьуеит швеицариатәи аилахәыра Novartis, дозак ахәԥса —2 миллион доллар иреиҳауп.
Ацифратә дырга асистема "Честный знак" Урыстәыла аус ауеит 2019 шықәса раахыс.