Аԥсны

Багаԥшь Ихраҿаз жәларбжьаратәи амҵәышәымпылтә турнир аҿы иаиааиз еилкаахеит

Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь Ихраҿаз жәларбжьаратәи амҵәышәмпылтә турнир сынтәа жәеизантәуп имҩаԥысуеижьҭеи.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik. Ақалақь Шахты акоманда Сергеи Багаԥшь Ихраҿа ранашьахеит XI жәларбжьаратәи атурнир аҿы ҳәа аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭеилакы.
Аицлабрақәа ирылахәын аа-командак: Волгоградтәи аобласт, Краснодартәи атәылаҿацә, ДЖәР, Ҟарачы-Черкеск, Санкт-Петербург, Аԥсны, Ростовтәи аобласт аҟынтәи ҩ-командак.
Аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Славианск-на-Кубани акоманда, ахԥатәи – Волгоградтәи акоманда. Аԥснытәи акоманда аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит.
Атурнир аҿы иаиааиз, зҽалызкааз ахәмарыҩцәа агәаларшәагатә ҳамҭақәеи аԥаратә ҳамҭақәеи рыҭан. Иреиӷьыз ахәмарыҩцәа ҳәа рыхьӡ ҳәан Валери Маган, Фиодор Шипарцов, Николаи Откидач, Витали Гизеи.
Акомандақәа разыҟаҵаҩцәагьы аспорт азы Аҳәынҭеилаки амҵәышәымпыл азы Афедерациеи рҟынтәи аҳамҭақәа ранашьан.