Арадио

Кәарҷиаԥҳа Галтәи аколлеџь азы: Аҟәантәи иаҳзаауагьы ҳамоуп

Галтәи агуманитартә коллеџь аҟны аҵара ус шеиҿкаау, иҿыцу азаанаҭқәа алагалоума, аҵаразы шықәсыктәи ахә, аушьҭымҭацәа аусуратә ҭыԥқәа рыла ишеиқәыршәо ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аҵараиурҭа аиҳабы Гәында Кәарҷиаԥҳа.
Sputnik
Сынтәа ахәыҟаҵаҩцәа 13-ҩык ауҳашьҭит, урҭ зегьы аусурҭатә ҭыԥқәа рыԥшаахьеит, ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәара хацыркуа Кәарҷиаԥҳа.
"Алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәа макьана рҵара хыркәшаӡам, урҭ иаарласны аԥышәарақәа арҭараны иҟоуп. Ҽааны иалагалахоит азанааҭ ҿыцқәа, ақыҭанхамҩа иадҳәалоу - ауҭраҭыхқәеи адекаративтә культурақәеи рааӡара ахырхарҭала, шықәсык аҵара рҵоит. Урҭ ажәлақәа ахьыларҵало, иахьахылаԥшло адгьыл ҳамоуп. Иаҳҭахуп урҭ иаадрыхуа ауҭраҭых, анаҩс ахәыҟаҵаҩцәа рлабораториахь иааганы иалырҵаларц", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәарҷиаԥҳа.
Сынтәа ашколхәыҷқәеи, урҭ рҭаацәеи, арҵаҩцәеи аколлеџь аҿы аҵаратә процесс шеиҿкаау дырбаразы ааԥхьара рыҭан, ҳгәы иаанагоит, уи иаднаԥхьало ҟалап, ҳәа азгәалҭеит Кәарҷиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.