Ԥхынгәы 9 рзы Пицунда ақалақь агәҭа, ауахәама азааигәара ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа рџьармыкьа мҩаԥгахоит, ҳәа адырра ҟаиҵеит Абыџба.
"Аџьармыкьа рхы аладырхәыр ҟалоит ауҭраҭыхи ашәыри зааӡо, иара убас рхы аладырхәырц рылшоит егьырҭ араионқәа рҟынтәгьы. Акурорти ақыҭанхамҩеи еицҿиозароуп. Ауҭраҭыхқәеи ашәырқәеи реиҳарак аҳәаанырцәынтә ауп ишаарго, аҭыԥантәи аалыҵ иаҳа имаҷуп. Аԥсшьаҩцәа здызкылои ақыҭанхамҩа знапы алакуи дара-дара аимадарақәа рыбжьарҵар рылшоит, абжьаҟазаҩ дрымамкәа наҟ-наҟтәи русеицуразы", - иҳәеит иара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.