Иапониа уаанӡатәи аԥыза-министр Синдзо Абе дыхәны ахәшәтәырҭахь днагоуп

Синдзо Абе дырхәит ахәаша, асааҭ 11:30 рзы токиатәи аамҭала.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik. Иапониа уаанӡатәи аԥыза-министр Синдзо Абе Нара ақалақь аҿы данықәгылоз еихсит, аполитик дхәуп ҳәа аарыцҳауеит АИХқәа.
Ацәгьоуҩы Абе иқәкны ҩынтә дхысит. Ахысра ҟаиҵеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп 40-шықәса зхыҵуа, уаанӡатәи арратә амшынуаҩ Тецуиа Иамагами. Аполициа иара аҭыԥ аҿы дныркылеит, уи аан иара ҿагылара ҟаимҵеит. Ихысыз раԥхьатәи иҿцәжәарала еилкаахеит, иара Абе имҩаԥигоз аполитика дшақәшаҳаҭымз, уи азы дишьырц игәы ишҭаз.
Аполитик вертолиотла ахәшәтәырҭахь днаган. Аҳақьымцәа иҭагылазаашьа ахҳәаа ҟарҵом. АИХқәа рҿы иҟоу адыррақәа рыла, Абе ихдырра ыҟам.
Иҟоу адыррақәа рыла аполитик аԥхьатәи ахы ихәда иақәшәеит, анаҩс – игәы иныҵакны.