Аҳәынҭавтоинспекциаҿы инакәзаалакгьы ауадаҩрақәа ыҟан, аха, уи аусбарҭа аусура иахьыԥшуп амҩатә машәырқәа, урҭ аанкылатәуп, уи зҭакԥхықәроу аинспекторцәа роуп, ҳәа иҳәеит Кобахьиа.
"Закәанла маӡалатәи апатруль амҩаԥгара ахәҭоуп. Иҟазар ҟалоит ииашамкәа зхы мҩаԥызго аинспекторцәа, урҭ ахьырхәтәуп, иамхтәуп, иаҭаххар иагьҭактәуп, аха рус аанкылара сақәшаҳаҭым", - еиҭеиҳәеит Кобахьиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.