Арадио

Џьынџьалԥҳа Донбассҟа ацхыраара аизгаразы: афатә-ажәтә, ашәҵатәы змам ахәыҷқәа ыҟоуп

Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рзы агәыҳалаларатә фонд "Ашана" агуманитартә цхыраара еидыркылоит, уи шеиҿкаахо атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит афонд аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.
Sputnik
Донецки Лугански рреспубликақәа рҟны афатә-ажәтә, ашәҵатәы змам ахәыҷқәа ыҟоуп ҳәа анҳаҳа, ацыхараара еизаҳгарц ҳаӡбеит лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
"Донбасс рҭагылазаашьа цәгьоуп, ацхыррара рҭахуп. Уи азгәаҭаны иӡбан ацхыраара рзыҟаҵара. Анаплакқәа рахь ааԥхьара ҟаҵоуп адгылара ҳарҭарц. Иахьазы ҩ-наплакык рахьынтә аҭак аашьҭуп. Егьы амчыбжь азы ацхыраара аизгара ҳалагоит. Афонд аганахьала аӡрыжәтә ҳашьҭырц ҳгәы иҭоуп, иара убас амҩақьыра афонд ахахьы иагоит. Анаплакқәа рҟынтә адгылара ҟамлар, анаҩс иӡбахоит, еиҭа афонд анапхгара ирылшо",- еиҭалҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла, аханатә иазгәаҭан афонд анапхгара ацхыраара ҟарҵоит ҳәа, аха анаплакқәагьы адыԥхьаларц азырыӡбеит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.