Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Кәырбанныҳәа рыдиныҳәалеит

Аԥсылман ныҳәақәа рахьтә зегь реиҳа ихадоу иреиуоу Кәырбанныҳәа (Кәырбан-баирам) азгәарҭоит асабша, ԥхынгәы 9 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла иқәынхо аԥсылманцәа рзы аныҳәа хадақәа иреиуоу Кәырбанныҳәа рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Кәырбан-баирам – аԥшьаҭыԥқәа реихырхәыразы аԥсылманқәа рныҟәара ахыркәшара иазҳәоу, иреиӷьу аҵасқәа - аразра, аихӡыӡаара, аицхыраарахь ухьазырԥшуа ныҳәоуп", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.

Атәыла ахада иуаажәлар дасу рыҩнаҭақәа насыԥла, гәырӷьарыла иҭәызарц,
агәабзиара, ахирра рымазарц рзеиӷьеишьеит.
Сынтәатәи аԥсылман мзар инақәыршәаны Кәырбанныҳәа ареспубликаҿы ԥхынгәы 9 иақәшәоит. Уи асабша ахьакәу азы ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп ԥхынгәы 11 (ашәахьа).
Аԥсны
Ԥхынгәымза иааиуа ашәахьа ԥсшьарамшхоит Аԥсны
Кәырбанныҳәа аԥсылманцәа рныҳәа хадақәа ируакуп, уи аҽны Меккаҟа аҳаџьныҟәара хдыркәшоит. Аҳаџь - аԥсылманра ахәбатәи ашьаҭоуп. Аныҳәа азгәарҭоит Ураза-Баирам аныҳәа ашьҭахь 70 мшы анҵлак, аԥсылманцәа рымзар ала жәаҩатәи амза ажәабатәи амш азы.