Аԥсны

Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Кәырбанныҳәа азгәаҭара иалагеит

Кәырбан-баирам (ҭырқәшәала), ма Ид аль-Адха (араб бызшәала) - ашьтәашьра аныҳәоуп, аԥсылманцәа рныҳәа хадақәа иреиуоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны иахьа азгәаҭара иалагеит аԥсылман ныҳәа хадақәа ируаку - ашьтәашьра аныҳәа Кәырбан-баирам, аԥсышәала иуҳәозар - Кәырбанныҳәа.

"Сынтәа ҳара абжьааԥны ишазгәаҳҭалоз еиԥш зегь ҟаҳҵеит. Атәыла аԥсылманцәа зегьы еизеит Аҟәеи Гәдоуҭеи иҟоу аџьаамақәа рҿы, зегьы агәырӷьаратә Ҳазшаз имҵаныҳәара мҩаԥыргеит. Уи ашьҭахь зегьы рыҩныҟақәа рахь ихынҳәны акәырбан ҟарҵеит (ашьтәа ршьит - азгә.), рыуацәеи, рҭынхацәеи, рҩызцәеи еизганы аныҳәа азгәарҭеит. Иара убас арҭ амшқәа рзы анышәынҭрақәа ирҭаауеит, иҳацәцахьоу рзы иматанеиуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аԥсны амуфти хада Ҭемыр Ӡыба.

Иара иазгәеиҭеит уаанӡа акоронавирустә инфекциа азы иҟаз ашәарҭара иахҟьаны агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа еиҵыхны ишазгәарымҭоз. Уи Аԥсны адагьы, Мекка иҟоу Аџьаама дуи Медина иҟоу Аԥааимбар иџьаамеи аркын 2020 шықәса хәажәкырамзазы, уи аахыс урҭ сынтәоуп ианаадырт.
"Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа зегьы ирыдсныҳәалар сҭахуп ари аныҳәа, ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, абзиарақәа рацәаны, Ҳазшаз есымша даҳхылаԥшлааит", - иҳәеит Ӡыба.
Уажәаԥхьа Аԥсны аԥсылманцәа ари аныҳәа рыдиныҳәалеит ахада Аслан Бжьаниа. Иара иџьынџьуаа ирзеиӷьеишьеит дасу рыҩнаҭақәа насыԥла, гәырӷьарыла иҭәызарц, агәабзиара, ахирра рымазарц.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Кәырбанныҳәа рыдиныҳәалеит
Сынтәатәи аԥсылман мзар инақәыршәаны Кәырбанныҳәа ареспубликаҿы ԥхынгәы 9 иақәшәоит. Уи асабша ахьакәу азы ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп ԥхынгәы 11 (ашәахьа).
Кәырбанныҳәа аԥсылманцәа рныҳәа хадақәа ируакуп, уи аҽны Меккаҟа аҳаџьныҟәара хдыркәшоит. Аҳаџь - аԥсылманра ахәбатәи ашьаҭоуп. Аныҳәа азгәарҭоит Ураза-Баирам аныҳәа ашьҭахь 70 мшы анҵлак, аԥсылманцәа рымзар ала жәаҩатәи амза ажәабатәи амш азы. Уи хымш-ԥшьымш ирылагӡаны иазгәарҭоит.