Арадио

Кәарцхьиаԥҳа Сулико Гәарамиа лҭоурых азы: иџьоушьаша, узырхәыцша хҭысуп

Sputnik акоррепондент Сариа Кәарацхьиа арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит Ҭхьына инхо Сулико Гәарамиа илызку анҵамҭа шазлырхиоз, уи лыԥсҭазаара илзыннажьыз агәҭахәыцрақәа ртәы.
Sputnik
Sputnik адаҟьаҿы икьыԥхьуп Сулико Гәарамиеи уи лҭаацәеи ирызку анҵамҭа. Уаҟа еиҭаҳәоуп аԥсуа ԥҳәызба лашьазаҵә даныԥсы ашьҭахь лхы-лыԥсы зегьы лаб иҩны ишазылкыз. Аҩнаҭаҿы ахаҵа иҭыԥ аанызкылаз Сулико иахьа аӷьараҳәа иҟоу аԥсуа нхаҩык иаҳасабала дынхоит. Сариа Кәарцхьиаԥҳа Сулико лҭоурых еиҭаҳәауа иазгәалҭеит, ухы-угәаҿы иаанхо уаҩны дшыҟоу.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.