Рауль Хьиба аиҿцәажәара хацыркуа иҳәеит Очамчыра даара бзиа иибо ақалақь шакәу, араҟа издыруа рацәоуп, саргьы сыздыруа маҷым ҳәа азгәеиҭеит иара.
Рауль ихәыҷраамҭа игәаларшәо иҳәеит, амшын аҿықәан иҩызцәеи иареи шеизалоз, уи ишеиднакалоз, иҳәеит усҟан аҿар рықалақь даара ргәы шазыбылуаз.
Очамчыра ақалақьуаҩ игәы иалан иҳәоит усҟан еиԥш иахьа ауаа аихаҵгылара шрымам, апатуеиқәҵареи аламыси иаҳа имаҷхазшәо ибоит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.