Аԥсны

Аԥсны ахада Ҭаҭарсҭанҟа днеит

Аԥсуа делегациа традициала асасцәа ишырԥылало еиԥш ачаргьагьеи амилаҭтә ҭаҭартә чыс чак-чаки рыманы ирԥылеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 10 - Sputnik. Аԥсны ахада дызхагылоу аделегациа Казань инеит ҳәа аанацҳауеит аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" Аԥсны ахада ипресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иганы.
Габдулла Тукаи ихьӡ зху Казаньтәи Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза асасцәа ахьаауаз аҳаҭыр азы Аԥсни, Урыстәылеи, Ҭаҭарсҭани рбираҟқәа рыла ирԥшӡан. Аделегациа хаҭала дырԥылеит ареспублика ахада Рустам Минниханов.
Аслан Бжьаниа ида аделегациа иалоуп Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба, ахада иабжьагаҩ Григори Ԥлиа.
Дара Казань иҟазаауеит ԥхынгәы 12 рҟынӡа, уи ашьҭахь Башкортосҭанҟа ицоит. Аусутә ныҟәара хықәкыс иамоуп аекономика, атуризм, ахәаахәҭра, аинформациатә технологиақәа рганахьала аусеицура арӷәӷәара.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аделегациа усурала Урыстәылаҟа ицеит