Аԥсны

Аслан Бжьаниа зыԥсҭазаара иалҵыз Иакуб Лакоба иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит

Иакуб Лакоба Лыхны ақыҭан дыкҿоуп, анышә дамырдоит ԥхынгәы 12 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 11 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа зыԥсҭазаара иалҵыз Иакуб Лакоба иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.
"Гәалсра дула сшәыдышшылоит Иакуб Уасил-иԥа Лакоба иԥсҭазаара иалҵра инамаданы. Иакуб Уасил-иԥа аҳәынҭқарратә усқәа рзы еснагь згәаанаара зҳәоз, иҿацаӡа зыбжьы зыргоз ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩын", - аҳәоит адышшылара атекст аҿы.
Атәыла ахада дазааҭгылеит, Аԥсны Жәлар рпартиа ахантәаҩык иаҳасабала Иакуб Лакоба ареспубликаҟны апартиатә система аҿиараҿы илагала атәы.

"Иакуб Уасил-иԥа ҳаҭыр ду иқәын ицәаҩатә ҟазшьақәа рзы. Дыздыруаз зегьы ргәаҵаҿы дуаҩы лашаны даанхоит", - иҳәеит Бжьаниа.

Иналукааша ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ, Аԥсны Жәлар рпартиа ахантәаҩы, азиндырҩы, азинхьчаҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Иакуб Лакоба иԥсҭазаара далҵит 73 шықәса дшырҭагылаз.
Аԥсны
Ажәлар ргәы иҵхоз зҳәоз аполитик: Иакуб Лакоба игәалашәаразы